Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә аусура иалагеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Фонтан на площади Багапша
Фонтан на площади Багапша  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Анапаҵаҩра
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә ақәыргылараз аусурақәа ирылагеит ажьырныҳәамзазы. Аусурақәа мҩаԥнагоит Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара".

АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Бадри Есиава. Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аусурақәа хыркәшаны аӡыршә аусура иаларган асабша ахәылбыҽха лаҵара 1 азы.

Аӡыршә аартразы аофициалтә церемониа ҳәа акгьы мҩаԥгамызт. Аусурақәа шеиҿкааз ахәшьара аҭаразы арахь иааит Атәыла ахада Аслан Бжьаниеи, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи.

Иазгәаҭоуп аӡыршә аамҭалатәхар шауа. Иара анықәдыргыла ашьҭахь Сергеи Багаԥшь ибаҟа аԥҵаразы имҩаԥысуа аицлабраҿы аӡыршә ахьазԥхьагәаҭам апроект аиааира агар иқәгахар алшоит.

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рзы аицлабра аартын 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы. Азыҳәақәа рыдкылара хыркәшан 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10 рзы. Арзаҳалқәа рыдкылара анхыркәшаха ашьҭахь иаарту аиндаҭлара амҩаԥгаразы аусутә гәыԥ анапы ианҵан 2021 шықәса ажьырныҳәа 25 рзы апроекттә усурақәа рыдкылара хдыркәшарц.

© Sputnik / Марианна Кубрава Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә аусура иалагеит
Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә аусура иалагеит - Sputnik Аҧсны
1/4
Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә аусура иалагеит
© Sputnik / Марианна Кубрава Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә аусура иалагеит
Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аӡыршә аусура иалагеит - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭкомиссиа хәажәкыра 3 рзы реилатәараҿы х-проектк алыркааит жәаба рҟынтәи. Урҭ аҩбатәи атур ахь инеиит.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы иара Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы – деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29, 2011 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0