Ахра Аҩӡба идгылаҩцәа Аԥсны ААРи АШәМеи рҵакырақәа аанрыжьит

© Sputnik / Асмат Цвижба Сторонники Ахры Авидзба покинули территорию у СГБ и МВД Абхазии
Сторонники Ахры Авидзба покинули территорию у СГБ и МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵара 4 асааҭ 23.00 рзы еизаз Ахра Аҩӡба иуацәеи иҭынхацәеи, уаанӡа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахыбра аҿаԥхьа игылаз, ииасит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аганахь.

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахра Аҩӡба идгылаҩцәа уаанӡа иахьгылаз Аԥсны ААРи Аԥсны АШәМеи рҵакырақәа аанрыжьит. Ашьыжь асааҭ 7.30 рзы ара аӡәгьы дыҟамызт.

Аԥсны АШәМ аушьҭырҭатә ҭыԥ аҷаԥшьаҩ Sputnik акорреспондент илеиҳәеит лаҵара 5 ашьыжь, асааҭ ԥшьба рзы ажәла ахаҭарнакцәеи иҩызцәеи шеимпыз, дара рахь уаҳа азинмчрақәа рнапхгаҩцәа ҳәа уаҩ дшымнеиз.

Ахра Аҩӡба иуацәеи иҭынхацәеи, уаанӡа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахыбра аҿаԥхьа акциа хацдыркит лаҵара 4 рзы.

Ахра Аҩӡба иуацәеи иҭынхацәеи аҳәамҭа ҟарҵон Ахра иоушьҭра ишазыԥшу, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала иара иаанкылара лаҵара 5 асааҭ 00:00 азы ишынҵәо, иара убасгьы аҭаҳцәа адҵа ҟарҵоит иҭаку дырбаразы, иацәажәара азин рырҭарц.

Родные и друзья Ахры Авидзба собрались у здания Службы государственной безопасности Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Иоушьҭра иазыԥшуп: Ахра Аҩӡба идгыларазы акциа шымҩаԥысуаз

Ахра Аҩӡба иԥшәмаԥҳәыс Иулиа Аҩӡыԥҳа лажәақәа рыла, Аҩӡаа рхаҭарнакцәа Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут иԥыларци Ахра дырбарази амаҵзурахьы инеиит.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Ахра Аҩӡба иуацәеи-иҭынхацәеи рахь днеиит. Иара иҳәеит аус ззынашьҭу Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Ахра иаанкылара аҿҳәара ацҵаразы ақәҵара аднакылеит ҳәа.

Аминистр иара убасгьы иҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа аӡбарҭа аӡбамҭа шынарыгӡо, Ахра Аҩӡба доушьҭтәуп ҳәа аӡбамҭа рыдыркылар – ихы дшақәиҭтәхо.

Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0