Аҟәатәи амилициа аҟәша дақәлеит ҳәа агәҩара ззыҟоу аӡә даанкылоуп

© Sputnik / ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗадержание А. Сухоносовой и Д. Долгополова, обвиняемых в государственной измене
Задержание А. Сухоносовой и Д. Долгополова, обвиняемых в государственной измене - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Анапаҵаҩра
Ацәгьоура ҟаҵан хәажәкырамза алагамҭазы, хҩык бџьарла рҽеибыҭаны Аҟәа, Аргәын имҩа аҩны №4 аҿы иҟоу Аԥсны ААР амилициа аҟәша №1 иақәлеит.

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Галтәи амилициа аусзуҩцәа дааныркылеит аҟәатәи амилициа аҟәша дақәлеит ҳәа агәҩара ззыҟаз, уи азы зыԥшаара рылаҳәаз Муза Мургвлиани. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Прокуратура города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит амилициа аҟәша иақәлаз рганахь ала

Хәажәкыра 26 рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Гурам Анқәаб, 1987 шықәса рзы иизи Муза Мургвлиани, 1987 шықәса рзы иизи, ишьақәыргылам хаҿыки рганахь ала. Дара хараны ирыдырҵоит амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәара, закәаншьаҭада абџьари иара ахәҭақәеи, аџьаԥҳани, арԥжәагақәеи раахәара, рыҭира, рымҩангара, рныҟәгара рзы.

Ацәьоура ҟалеит хәажәкыра 7 2021 шықәсазы. Аусҭҵаара адыррақәа рыла 2021 шықәса хәажәкыра 7 асааҭ 03:30 рзы, Анқәаб, Мургвлиани, зхаҭара шьақәыргылам аҽаӡәы ареактивтә граната РПГ-26 ала рҽеибыҭаны Аҟәа, Аргәын имҩа аҩны №4 аҿы иҟоу Аԥсны ААР амилициа аҟәша №1 иақәлеит.

Ацәгьоуцәа убри аан ибзианы ирдыруан ахыбраҿы амчра ахаҭарнакцәа рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡара ишаҿыз.

Ари ашьауӷатә ус азы ацәьоуцәа рыԥшаара рылаҳәан мшаԥы 13 рзы. Иаанкылоу Мургвлиани ИВС аҿы дҭакуп. Гурам Анқәаб иаанкыларазы аоперативтә ԥшаарақәа ирыцҵоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0