Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа иӡыз урыстәылатәи атурист иԥшаара иацырҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Анапаҵаҩра
Агәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу.

АҞӘА, лаҵара 14– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәылатәи атурист иԥшаараз амҩа иқәлаз аиқәырхаҩцәа Чумҟәысба ашьхара иахьаҵанакуа иаангылт ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.

"Уаҵәы урҭ рымҩа иацырҵоит. Рыфатә-рыжәтә нҵәаанӡа аԥшаарақәа мҩаԥыргалоит. Анаҩс иҟалоит вертолиотла  рхәы-рыԥхь наргалар", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Уаанӡа Sputnik аинтервиу аҭо дара ирҳәахьан атурист дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥраауан ҳәа, аха аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны шьапыла идәықәлар акәхеит.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа инеит.

Агәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа ргәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу, аха руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ аилазаара АҟәаГЕС ахь ишылбаауа.

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала агәыԥ аинструктор Анна Делево илҳәеит абазахь атуристцәа зыхнымҳәит рымҩа иахьахҟьази асоура иахьалагази азы. Уа дырзыԥшын рҩызцәа руаӡәк. Дара ирыӡбеит  ацхыраара иаҳәарц Аԥсны АҶА аҿы.

Агәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0