Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа даҭааны аусушьа гәеиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Анапаҵаҩра
Едуард Быҭәба Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дҟаҵан аҩаша лаҵара 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟа инақәыршәаны.

АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада даҭааит ахәаша лаҵара 14 рзы ҳәа аҳәоит Аԥсуа телехәаԥшра адырраҭара.

Иара игәеиҭеит ахәышәтәырҭа ашҭаҿы игылоу акоронавирус азы анализқәа ахьрыдыркыло аҭыԥ, адкыларҭа, апалатақәа. Ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа аминистр изеиҭарҳәеит акоронавирустә инфекциа злоу апациентцәа, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы COVID-19 адиагноз ззықәыргылоу зцәазтәым аҳәсагьы, рыхәышәтәра шеиҿкаау.

Быҭәба иара убас игәеиҭеит аҵәыҵәри анашьҭразы еиқәыршәоу астанциа, уантәи ауп аковид-госпиталь апалатақәа рахь аҵәыҵәри зланеиуа. Игәеиҭеит аҳауеиҭарсра асистема шыҟам, уи азҵаара шыӡбатәугьы азгәеиҭеит.

Иҷыдоу ахыхьчага маҭәа ишәҵаны аминистр "азона ҟаԥшь" ахь днеит, хаҭала апациентцәа рҭагылазаашьа ибарц, драцәажәарц азы. Иара дразҵаауан иаҭаху зегьы рымоу ирымаму, иаарласны ргәабзиара шьақәгыларц рзеиӷьеишьеит.

"Анцәа иҳәааит иаарласны шәгәы бзиахо, уи ауп зегь реиҳа ихадоу. Шәҭаацәа рахь ԥшӡала шәхынҳәааит. Ҳара, ҳколлегацәа, аҳақьымцәа, ҳашәзыӡырҩлоит, ишәҭаху аҿы ҳшәывагылоит", - иҳәеит аминистр.

Аԥсуа телехәаԥшра анҵамҭаҿы иара убас иарбоуп Едуард Быҭәба амедицинатә усзуҩцәа рџьабаазы иҭабуп ҳәа шреиҳәаз, агоспитальгьы лассы-лассы даҭаалоит ҳәа ажәа шриҭаз, аҳақьымцәеи ахәышәтәырҭа анапхгареи иареи аусутә еиԥыларақәа мҩаԥаагалоит ҳәа шиҳәаз.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба лаҵара 14 рзы иҟаиҵаз адыррала, аковид-госпиталь аҿы ишьҭоуп акоронавирустә инфекциа злоу апациентцәа 38-ҩык, урҭ рахьтә 16-ҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп. Иара убас ара ареабилитациа иахысуеит COVID-19 иаиааихьоу 11-ҩык апациентцәа.

Аԥсуа телехәаԥшра аматериал аҿы иара убас иазгәаҭоуп агәабзиарахьчара аминистр атәыла амедусҳәарҭақәа зегьы дырҭааны рҭагылазаашьа гәеиҭарц игәы ишҭоу.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟа инақәыршәаны Едуард Быҭәба Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дҟаҵан аҩаша лаҵара 11 рзы. Иара диԥсахит зхатәгәаԥахарала змаҵура аанзыжьыз Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0