Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц идыргалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская общественная организация "Аруаа"
Республиканская общественная организация Аруаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа реиҿкаара "Аруаа" лаҵара 19 рзы абрифинг мҩаԥыргеит АРСМИРА.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа реиҿкаара "Аруаа" Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцарц идыргалоит ҳәа иҳәеит аиҿкаара иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Хына Думаа АРСМИРА имҩаԥысуаз абрифинг аҿы.

"Адәныҟатә политикаҿы иара игхақәа Қырҭтәыла ҳара ҳаԥсыҽра акәны иахәаԥшуа иҟаиҵеит. Ҳара азин ҳазиҭом ҳтәыла ахада зырратә мчрақәа зырӷәӷәо ҳаӷа дивахәмаруа ихы мҩаԥигартә", - ҳәа иҳәеит Думаа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аиҿкаара шақәшаҳаҭым адәныҟаполитикатә концепциаҿы Қырҭтәылеи Аԥсни реицәажәара аныԥшра.

"Ҳақәгыларақәеи ҳҳәамҭақәеи рҿы ари изныкымкәа иаҳҳәахьеит. Аҽазныкгьы иаҳҳәоит - ақырҭуа политикцәа Аԥсныҟа раара, рыдтәалара шалҳмыршо, аӷа иҟынтәи аишәацәынха адкылара шаҳамуа", - ҳәа иҳәеит иара.

Аиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа иазгәеиҭеит абрифинг шымҩаԥысуа ауаажәларраҿы аибарххарақәа аныҟоу аамҭазы.

Республиканская общественная организация Аруаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
"Аруаа" реизара ду аҟны ахада хатәгәаԥхарала ԥхьатәара дцаразы арезолиуциа рыдыркылеит

"Иацы даҽа цәгьоуракгьы аҭыԥ аман. Дшьын раԥхьатәи ахада иашьа иԥа, иара дсыҷкәынуп ҳәа ииԥхьаӡоз. Иҭаацәеи игәакьацәеи ҳрыдашшылоит", - ҳәа иҳәеит Гәлиа.

"Аруаа" иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Фиодор Сақаниа атәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аиҿкаара агәаанагара иазыӡырҩырц аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбараҿы.

"Мчыла анапхгара ахцара аӡәгьы иҭахым, аха ажәлар уи алдыршартә ахықәахь рнагарагьы иашам. Анапхгара ҿыц ирҳәон уаанӡатәиқәа ҳреиӷьуп ҳәа. Ус акәзар, ажәлар еиҟәышәымшалан, аполитикатә оппонентцәа шәрышьҭамлан", - ҳәа иҳәеит иара.

Ҭемыр Гәлиа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсуа телехәаԥшра ишанымԥшуа еиуеиԥшым агәаанагарақәа, уи ауаажәларра реиҟәшарахь ишкылнаго, амчра ахьӡ шыланарҟәуа.

"Аруаа" ахаҭарнак Роман Қәҭарба игәаанагарала, апандемиа иаанарԥшит атәылауаа ргәабзиара амчрақәа азхьаԥшырц шырҭахым.

"Аофициалтә статистика иҟаҵәҟьоу аиаша аанарԥшуам. Иаанарԥшуам аҩни атәыла анҭыҵи заҟаҩ ԥсыз рхыԥхьаӡара. Алаҵаҟаҵара уажәоуп ианалага, ажьырныҳәамзазы ҳалагоит ҳәа шырҳәахьазгьы", - ҳәа иҳәоит иара.

"Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа иара убасгьы Аԥсны аенергетика апроблемақәа дырзааҭгылеит.

"Ԥхьаҟатәи аусқәа рцашьа аплан шьақәыргылалатәуп, аенергетикатә лшара еиқәырхатәуп. Аҭира акәӡам аиқәырхароуп изызхәыцтәу", - ҳәа иҳәеит иара.

Гәлиа иара убасгьы иҳәеит атәыла Апарламент аҳәынҭқарра ахада игәрамгаразы азакәан рыдыркылар шакәу, Аԥсны иконституциатәым аиҭакрақәа ԥхьаҟагьы ралмыршаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0