Мушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә премиа даԥсахеит

© Foto / Алхас ЧхамалияМушни Ласуриа
Мушни Ласуриа   - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Анапаҵаҩра
Мушьни Лашәриа – Аԥсны Жәлар рпоет, аԥсуа литература аклассик, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә премиа ианаршьеит ҳәа ааицҳауеит ауаажәларратә усзуҩ Беслан Кобахьиа Facebook аҿтәи идаҟьаҿы.

Апатриархтә литературатә премиа X аиубилеитә сезон алауреатцәа аԥхьахәқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит Москва, Иҳақәиҭу Аԥсҿыхҩы Иаса Қьырса Иныхабаа Ауахәама Еизарақәа Рзал аҟны.

© Foto / Алхас ЧхамалияМушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә ԥхьахә даԥсахеит
Мушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә ԥхьахә даԥсахеит - Sputnik Аҧсны
1/4
Мушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә ԥхьахә даԥсахеит
© Foto / facebook / Беслан КобахияМушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә ԥхьахә даԥсахеит
Мушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә ԥхьахә даԥсахеит - Sputnik Аҧсны
2/4
Мушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә ԥхьахә даԥсахеит
© Foto / Алхас ЧхамалияМушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә ԥхьахә даԥсахеит
Мушьни Лашәриа Апатриархтә литературатә ԥхьахә даԥсахеит - Sputnik Аҧсны
3/4

4/4

Лашәриа идагьы аԥхьахә ранашьахеит Анатоли Баибородин, Владислав Бахревски, Игор Волгин, Васили Дворцов, Владимир Малиагин, Андреи Убоги уҳәа егьырҭгьы. Алауреатцәа зегьы агәышԥ иадыркуа адырга ҷыдақәа рыҭан.

Мушьни Лашәриа – хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәеи аиҭагамҭақәеи дравторуп. Аԥсшәахь еиҭеигеит Аԥшьаҩыра. 2020 шықәсазы иҭыҵит ипоема "Ашамҭа аеҵәа" – Аԥсны ақьырсианра аҭоурых иазку. Апоема еиҭагоуп аурысшәахь, ахқәа руак "Аныҳәара" хаз иго литературатә рҿиамҭак аҳасаб ала Вадим Кожинов ихьӡ зху аԥхьахә иаԥсахеит ажурнал "Наш современник" аҟынтә.

Апатриархтә литературатә премиа анашьаратә церемониа еиҿнакааит Аурыс Иашахаҵаратә уахәама аҭыжьырҭатә хеилак.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0