АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. Аԥсны акоронавирустә инфекциаҟынтәи 488-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит, абри атәы аанацҳауеит ареспублика агәабзиарахьчара аминистрра.
Алаҵа "Спутник V" Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 12 рзы.
Аполиклиника №1 | 214-ҩык |
Аполиклиника №3 (Синоп) | 60-ҩык |
Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа | 82-ҩык |
Ареспубликатә хәышәтәырҭа | 20-ҩык |
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа | 14-ҩык |
Гагратәи ахәышәтәырҭа | 38-ҩык |
Очамчыратәи ахәышәтәырҭа | 15-ҩык |
Аҟәатәи абыргцәеи-аинвалидцәеи рыҩны-интернат |
15-ҩык |
Асанитар-епидемиологиатә маҵзура |
30-ҩык |
6500 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Аполиклиника №3 аҟны адагьы алаҵа ҟарҵоит аполиклиника №1 аҟны. Алаҵа ҩ-етапкны иҟарҵоит, 21 мшы рыбжьаҵаны.
Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟауҵаразы аԥсуа тәылауаҩшәҟә умазароуп, Аҟәа ауааԥсыра аҭыԥантәи аҭаҩра рымазароуп. Алаҵа ҟарҵаанӡа атерапевт апациент ишоура гәеиҭоит, игәабзиара зеиԥшроу еиликаауеит.