Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" Аҟәа аусура иацнаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрт-фестиваль "Завтра наступает уже сегодня"
Арт-фестиваль Завтра наступает уже сегодня - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Анапаҵаҩра
Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит", аилахәыра Colors of Nation еиҿнакааз, Аҟәатәи амшынтә баӷәазаҿы имҩаԥысуеит лаҵара 20-27 рзы. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны амшынбаӷәаза аҭӡаҿы арт-обиект ҿыц аԥҵахоит.

Иарбан аҟазара ҿыц иахьа Аԥсны иубар залшо, сахьаҭыхҩыс зхы зыԥхьаӡар ауа, арҿиамҭақәа рыҭира зыԥхашьарам, ианбааиуеи уаҵәы захьӡу – ирацәоуп еиуеиԥшым азҵаарақәа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи афестиваль асас Макс Гошко-Данькови зҭак ҟарҵо. Абри атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Селма Базԥҳа, Sputnik

Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" Аҟәатәи амшынтә баӷәазаҿы иаатит лаҵара 20 рзы. Арахь иааԥхьоуп аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа.

Аԥсны ҳаамҭазтәи аҟазара

Иаарту аицәажәара иатема хаданы иҟоуп ҳаамҭазтәи аҟазара Аԥсны аҿиара.

"Ҳкоманда Colors of Nation аҟазара абызшәала ицәажәоит. Афестиваль аҿы ҳалацәажәар ҳҭахуп ҳаамҭазтәи аҟазара, иаҳҭахуп ахәаԥшыҩцәеи асахьаҭыхыҩцәеи абри атемала аимак-аиҿак, аилацәажәарақәа мҩаԥыргарц", - ҳәа лҳәоит Colors of Nation ахаҭарнак Анна Савилова.

Арт-фестиваль Завтра наступает уже сегодня - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" Аҟәа иаатит

Асахьаҭыхыҩ Гәыранда Барцыцԥҳа лгәаанагарала, ҳаамҭазтәи аҟазара – ари иахьазы ауаа идырҿио ҟазароуп. Уи ажанрқәа хкырацәала еиларсуп, аха уи иаанагом еснагь авангардра рнубаалозароуп ҳәа.

"Ацәыргақәҵақәа Cosmoscow ма Art Russia Аԥсны ацәыргақәҵақәа ирыдукылозар, ҳара акыр ҳаиҵахоуп. Аха сара сгәаанагарала, ҳаамҭазтәи аҟазара аҿиара иаҿуп", - ҳәа лҳәоит лара.

Афотоҭыхыҩ Аруҭан Ҷыҭанаа игәаанагарала, Аԥсны иахьынӡахәҭоу аҟазара аарԥшым. "Иҟамлои ҳара иҳазгәамҭаз асахьаҭыхыҩцәа ыҟазар?" - ҳәа иҳәоит иара.

Асахьаҭыхыҩ-аиллиустратор Анана Ломиаԥҳа лгәаанагарала Аԥсны макьана ҳаамҭазтәи аҟазара адкылара иазыхиам. Иарахьы ареспубликаҿ иҟаҵоу ашьаҿақәа хәыҷӡоуп.

Макс Гошко-Даньков иҳәеит Урыстәылагь абри аҭагылазаашьаҿ Аԥсны аасҭа усҟакгьы иҿиам.

"Урыстәыла арт-ҭыԥқәа, Cosmoscow ма Art Russia реиԥш иҟоу шыҟоугьы, ҳаамҭазтәи адунеитә ҟазара иацәыхароуп. Имаҷҩуп асахьаҭыхыҩцәа адунеитә хьӡы зырҳахьоу", - иҳәоит асахьаҭыхыҩ.

Иара иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи аҟазара акультураҿ ахатә ҭыԥ шааннакыло, ишыҟоу ари аҟазара амузеиқәа. Иара игәаанагарала, иуҳәар ауеит ҳаамҭазтәи аҟазара ҳәа акәымкәа – иактуалу аҟазара ҳәа.

Гошко-Даньков агәра ганы дыҟоуп асахьаҭыхыҩ изы ихадароу "ихи иареи иакны ианеизыҟоу ауп".

Иаҭахума ма иаҭахымума арт

Аиҿцәажәараҿы асасцәа алацәажәеит аҭыхымҭақәа рыхәԥсагьы. Агәаанагарақәа рҽеихыршеит. Сахьаҭыхыҩцәақәак рзы иуадаҩуп рырҿиамҭа ахәшьара аҭара, ахәԥса ақәҵара.

Кадр из фильма Зимний вечер в Гаграх. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
Аԥсни акинои: атәылаҟны иҭыхыз афильмқәа рышьҭра

Убас, Гәыранда Барцыцԥҳа иазгәалҭеит лхатә рҿиамҭақәа рыхә шылзымшьо. Лара лзы акрызҵазкуаны иҟоу аусуратә процесс ауп. Ус шакәугьы, лҭыхымҭақәа аархәоит.

Иҟоуп аусумҭа ахә ашьара ԥхашьара амам, асахьаҭыхыҩ иҟазарала аԥара ирҳар замуеи ҳәа изшьогьы.

"Имлашьуаз асахьаҭыхыҩцәа раамҭа цеит. Иааит аамҭа аԥарарҳараҿгьы азинқәа рыхьчара аналшо", - ҳәа иҳәеит Макс Гошко-Даньков.

Уи диқәшаҳаҭхеит Анана Ломиаԥҳа. Лара агәра ганы дыҟоуп арт-рҿиамҭа иақәлырӡыз аамҭа аахәаҩцәа иахәҭоу ахә ақәырҵароуп ҳәа.

Асахьаҭыхыҩцәеи акритикеи реизыҟазаашьа

Ауснаӡатә аиҿкааҩ Анна Савилова акритика атема цәырылгеит. Аҟазаратә занааҭқәа рхаҭарнакцәа русумҭақәа рыхәшьара еснагь ианыҳаракым ыҟоуп, уи арҿиаҩы игәы инархьуеит ҳәа лҳәоит лара.

Макс Гошко-Дашков иҳәеит иара изы раԥхьа игылоу ацәанырра шакәу – ибзиа, ицәгьа. Зынӡа ацәанырра аҟамзаароуп еиҳагьы угәы зхәуа ҳәа ишьоит иара.

Нугзар Логуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2019
Арадио
Логәуа арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа" азы: Аԥсны ӡырнагоит, аҿарацәа аԥышәа рнаҭоит

Аруҭан Ҷыҭанаа ари апозициа дақәшаҳаҭуп. Иара иҳәеит узгәамԥхо аныҟоу иаанаго уара урҿиамҭа рбеит, иархәыцит ауп. Ари цәгьаӡам ҳәа иҳәоит иара.

Уаҵәтәи ҳамш - иахьа

Ауснагӡатә алахәылацәа иаку агәаанагара иазнеит – иахьатәи амш азы уҟазаароуп, иахьатәи амш уеигәырӷьароуп, абзиа ҟауҵароуп ҳәа.

Арт-фестиваль апрограмма Colors of Nation афырхацәа злахәу афильм арбареи аилацәажәара, аигәныҩра аиҿкаареи рыла ишьақәгылоуп.

Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Макс Гошко-Даньков аҟәатәи амшынтә баӷәаза шәыгала иҩычарц дыҟоуп афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны. Афестиваль аҿы иалацәажәоит ҳаамҭазтәи аҟазара, уи абызшәала еиуеиԥшым атемақәа рылацәажәара.

Апроект партниорцәас иамоуп: Аҟәа ақалақь ахадара, Амшынтә баӷәаза, аилахәыра "Аҟәафон", Sputnik Аԥсны. Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" мҩаԥысуеит лаҵара 20-27 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0