Ишьақәырӷәӷәоуп Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа апрограмма

© Sputnik / Томас ТхайцукФонтан на площади Багапша
Фонтан на площади Багапша  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аныҳәа "Ахәыҷқәа рыхьчара Амш" шьаҭаркын 1949 шықәса абҵарамзазы, Париж. Иара есышықәса иазгәарҭо иалагеит рашәара 1 азы.

АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәаз Аҟәа ақалақь еиҿнакааит ауснагӡатәқәа рсиа.

Аныҳәамш алагоит агәыҳалалратә уснагӡатә "Дарбанзаалак ахәыҷы иԥсҭазаараҿ иреиӷьу аҵҟьара". Аиԥхныҩлара иалагоит асааҭ 8:00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа, Адраматә театр аҿаԥхьантә.

Аныҳәамш аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит агәмырҿыӷьратә программа – акаҭран аҿы асахьақәа рҭыхраз аицлабра, анимациатә программа.

Еиуеиԥшым атемақәа рыла ауснагӡатәқәа ахәыҷқәа рзы имҩаԥгахоит амш зегьы иалагӡаны.

Ақьафурҭатә ҳа "Абургер" иазнархиаз аныҳәатә программа мҩаԥысуеит асааҭ 11:00 - 20:00 рзы.

Ахәылбыҽха астадион "Динамо" аҿы асааҭ 19:00 рзы аҟазаратә-класс мҩаԥигоит UFC ачемпион Хабиб Нурмагомедов.

Амшныҳәа хыркәшахоит аҿарацәа рфестиваль "Абжьы зхоу" ала Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы.

© Foto / официальный портал Администрации города Сухум Ишьақәырӷәӷәоуп Ахәыҷқәа рыхьчара амш апрограмма
Ишьақәырӷәӷәоуп Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа апрограмма - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Ишьақәырӷәӷәоуп Ахәыҷқәа рыхьчара амш апрограмма

Ахәыҷқәа рыхьчара Амш адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит аԥхын раԥхьатәи амш азы 1950 шықәса раахыс. Иара амҩаԥгараз аӡбара рыдкылан 1949 шықәсазы Аҳәса Жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа асессиаҿы. ООН ари аԥшьгамҭа адгылара анаҭеит, ахәыҷқәа рзинқәа, рыԥсҭазаара, ргәабзиара иара аусуразы еиҳа аԥыжәара змоу хырхарҭаны ирыланаҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0