Шәачатәи аҵаақәшьқьрааҩцәа аиндаҭларатә сезон аламҭалаз Аԥсныҟа иааит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФигурное катание
Фигурное катание - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҵаа ақәшьқьраара азыҟаҵаразы аолимпиатә центр аԥҵан 2016 шықәсазы Аолимпиатә парк аҿы, Шәача.

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҵаа ақәшьқьраара азыҟаҵаразы Шәачатәи аолимпиатә центр аспортсменцәа Аԥсны иҟоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсменцәа разыҟаҵаҩ Фиодор Климов.

Иара иажәақәа рыла 13 -22 шықәса зықәра ыҟоу, Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала иқәгыло аиндаҭларатә сезон аламҭалаз Аԥсныҟа иааит "иԥшшоу" аҽазыҟаҵарақәа рзы.

"Арҭ аизарақәа зымҩаԥырго ԥхьаҟатәи разыҟаҵарақәа ҵаҵӷәыс ироуа аҟазшьақәа, алшарақәа, аццакра рзырҳаразы ауп. Асеиԥштәи аизарақәа хра рымоуп избанзар ихарам. Аҟәа ҳаҟоуп, амшынԥшаҳәа ҳацәыхарам, аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь амшын иҭалахьоугьы ыҟоуп. Аԥсныҟа уаанӡа аӡәгьы дмаацызт, аԥсшьарамшқәа раан аекскурсиа амҩаԥгара ҳагәҭакуп. Зегь маншәалахар, ԥхьаҟагьы арахь ҳаалоит", - иҳәеит Климов.

Климов иазгәеиҭеит аспортсменцәа цәыббрамзатәи ақәгыларақәа рыҽшазыҟарҵо. Дара Аԥсны иҟазаауеит рашәара быжьбанӡа.

Аҵаа ақәшьқьраара азыҟаҵаразы аолимпиатә центр аԥҵан 2016 шықәсазы Аолимпиатә парк аҿы. 20-ҩык азыҟаҵаҩцәа ыҟоуп, шәҩык рҟынӡа аспортсменцәа рҽазыҟарҵоит. Ацентр аҿы – аӡәаӡәалатә, ҩыџьа-ҩыџьалатә, асинхронтә акәашаратә ҵаақәышьқьраара ирзыҟарҵоит.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аҵаатә хан "Айсберг" азыҟаҵаратә аренаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0