Ахьӡ-аԥша аорден знапаҿы измоуц Аибашьра Ду аԥснытәи аветеранцәа еилкаахеит

© SputnikМузей Боевой славы
Музей Боевой славы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2021
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа, аибашьратә ҳамҭа занашьам реилкаара абаза "Аиааира аеҵәақәа" еиҿыркаауеит 2015 шықәса раахыс.

АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәии ахԥатәии аҩаӡарақәа знапаҿы изыдмыркыц Аԥсны иалҵыз 12-ҩык рыхьӡқәа шьақәыргылоуп Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ, арратә ҭоурыхҭҵааҩ Николаи Медвенски ибзоурала. Абри атәы аанацҳауеит амузеи Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи иакьыԥхьит аибашьцәа рыжәлақәа, иркьаҿу адыррақәа, рыуацәа рыԥшаарагьы иалагеит:

  • Николаи Шьаҳан-иԥа Адлеба, 1924 шықәса рзы ииз
  • Георги Александр-иԥа Ачба, 1916 шықәса рзы ииз
  • Григори Уасил-иԥа Бебиа, 1915 шықәса рзы ииз
  • Џьота Басиаҭ-иԥа Бжьаниа, 1923 шықәса рзы ииз
  • Таҷ Ӷәаџьала-иԥа Габуниа, 1913 шықәса рзы ииз
  • Георги Антон-иԥа Гобечиа, 1905 шықәса рзы ииз
  • Роман Ӡыкә-иԥа Гогьиа, 1906 шықәса рзы ииз
  • Петр Нестор-иԥа Гогәуа, 1922 шықәса рзы ииз
  • Борис Нестор-иԥа Ӡаӡамиа, 1923 шықәса рзы ииз
  • Шамиль Шьариф-иԥа Жьиба, 1918 шықәса рзы ииз
  • Михаил Роман-иԥа Зыхәба(ев), 1920 шықәса рзы ииз
  • Герат (Мераб? Мураҭ?) Кото-иԥа (Кәыта-иԥа?) Қардаа, 1910 шықәса рзы ииз

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәылацәа ргәакьацәа иахәҭоу адокументқәа рымазаараан ироурц азин рымоуп аордентә шәҟәы, аветеран иԥсы ҭазар - иара аорден ахаҭа.

2015 шықәса раахыс Урыстәыла атәылахьчара аминистрреи, "Российская газета", ателеканал "Россия 24" аус адырулоит аибашьцәа ирыҭамыз аҳамҭақәа рсиа ашьақәыргылара, аибашьҩы иҭаацәа, игәакьацәа рҭахы изы аинформациа роурц азы.

Адыррақәа рбаза "Аиааира аеҵәақәа" изанашьаз иҟынӡа изымнаӡаз 65 843 ордени медали рыӡбахә аҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0