Ахьӡ-аԥша аорден знапаҿы измоуц Аибашьра Ду аԥснытәи аветеранцәа хҩык еилкаахеит

Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа, аибашьратә ҳамҭа занашьам реилкааразы 2015 шықәса раахыс еиҿкаауп "Аиааира аеҵәақәа" рбаза.

АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәии ахԥатәии аҩаӡарақәа знапаҿы измоуц Аибашьра Ду аԥснытәи аветеранцәа хҩык еилкаахеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит арратә ҭоурыхдырыҩ Николаи Медвенски.

"Жәаҩаҩык рҟынтәи хҩык – Ермолаи Адлеиба, Џьота Бжьаниа, Пиотр Гогәуа ргәакьацәа адырра ҳарҭеит. Адлеиба Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭатәын, Гогәуа – Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭатәын, Бжьаниа дахьатәыз макьаназ ишьақәыргылам, иуацәагьы ирыздырам", - иҳәеит иара.

Ермалаи Адлеиба изы еилкаау аибашьра дышҭахази ахшара шимамзи ауп. 

Медвенски идыррақәа рыла, асиаҟынтәи 12-ҩык рҟынтәи, - ԥшьҩык аибашьраҿы иҭахеит– Ермалаи Адлеиба, Александр Ачба, Роман Гогьиа, Герат Қардаа.

Музей Боевой славы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2021
Ахьӡ-аԥша аорден знапаҿы измоуц Аибашьра Ду аԥснытәи аветеранцәа еилкаахеит

"Арҭ адыррақәеи азеиԥш рбагақәеи еиԥшуп Аԥснынтәи иҭахаз рхыԥхьаӡара аҿырԥшрала. 15,5 нызқь рҟынтәи ихнымҳәит 1/3 хәҭа. Апроценттә еизыҟазаашьа шыҟоу иҟоуп", - иҳәоит иара.

Арратә ҭоурыхдырыҩ иҳәеит, жәаҩаҩык зегьы ргәакьацәа шьақәыргылахар, еиҳа инарҭбаау аинформациа ҟалоит. Уи Урыстәыла Атәылахьчара аминистррахь инашьҭхоит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәылацәа ргәакьацәа иахәҭоу адокументқәа рымазаараан ироурц азин рымоуп аордентә шәҟәы, аветеран иԥсы ҭазар - иара аорден ахаҭа.

Уаанӡа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәии ахԥатәии аҩаӡарақәа знапаҿы изыдмыркыц Аԥсны иалҵыз 12-ҩык рыхьӡқәа шьақәдыргылеит. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи иакьыԥхьит арҭ аибашьцәа рыжәлақәа, иркьаҿу адыррақәа, рыуацәа рыԥшаарагьы иалагеит.

2015 шықәса раахыс Урыстәыла атәылахьчара аминистрреи, "Российская газета", ателеканал "Россия 24" аус адырулоит аибашьцәа ирыҭамыз аҳамҭақәа рсиа ашьақәыргылара, аибашьҩы иҭаацәа, игәакьацәа рҭахы изы аинформациа роурц азы.

Адыррақәа рбаза "Аиааира аеҵәақәа" изанашьаз иҟынӡа изымнаӡаз 65 843 ордени медали рыӡбахә аҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0