Аԥсны ауаажәларратә палата ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит COVID-19 рҽацәырыхьчаларц

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди в масках
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны акоронавирус 15952-ҩык ауааԥсыра ирыдбалоуп, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 241-ы.

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палата ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит COVID-19 рҽацәырыхьчаларц, аԥкрақәа ирықәныҟәаларц, алаҵа ҟарҵарц.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратә палата агәҭынчымра ду амоуп COVID-19 иаалырҟьаны алаҵәара ду ахиура иахьаҿу, атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит иахәҭаны иҟоу аҽыхьчаратә уснагӡатәқәа зегь мҩаԥыргаларц", - ҳәа аҳәоит Апалата иҟанаҵаз ааԥхьара.

Акоронавирус ахҭыс ҿыцқәа рызҳара атенденциа Аԥсны аиԥш егьырҭ атәылақәа рыҿгьы иубартә иҟоуп, убри инадҳәаланы аԥкырақәа еиҭаларгалоит ҳәа азгәарҭоит Апалатаҿ.

В Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Аԥсны ауааԥсыра риммунтә статус шьақәыргылоуп

"Акурорттә сезон аԥырхага азҭаша ирӷәӷәоу аԥкрақәа рҟынӡа аҭагылазаашьа анагара ҳҭахымзар, ҳара иаҳуалуп адистанциа азгәаҭара, асабардақәа рныҟәгара, иҟоу ашәарҭара аилкаара" ҳәа агәҽанҵара ҟанаҵоит Ауаажәларратә палата Ахеилак.

Иахьанӡа ачымазара заҩсыз алаҵаҟаҵара иадрыԥхьалоит, уи ак заҵәык еиқәырхаганы ишыҟоу азгәаҭо.

"Алеишәа, аҭакԥхықәра – абарҭ роуп ацәыӡ маҷны пандемиа ҳалызгарц зылшо", - агәрагара рымоуп Ауаажәларратә палатаҿ.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус 15952-ҩык ирыдбалоуп, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.

Ажәабжьқәа зегьы
0