Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Пицунда ахәра зауз рбаразы Шәача днеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Бутба
Эдуард Бутба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристцәа ҩыџьа аҭыԥантәи атәылауаҩ иҟынтәи ахәрақәа роуит апансионат "Самшитовая роща" ақьафурҭаҿы рашәара 15 рзы.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба шәачатәи ахәышәтәырҭаҿы днеины Пицунда изеихсыз атуристцәа ргәабзиара дазҵаауан ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.

Посольство РФ в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ ахәра зауз атуристцәа рҭагылазаашьа атәы рҳәеит

Ахҭыс ҟалеит рашәара 15 азы апансионат "Самшитовая роща" аҿы. Ахысра ҟазҵаз даанкылоуп. Ааха зауз ауха гагратәи ахәышәтәырҭаҿы актәи ацхыраара рыҭаны шәачатәи ахәышәтәырҭахь ииаргеит.

Шәачатәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Агәабзиарахьчара аминистр изеиҭеиҳәеит ачымазцәа рҭагылазаашьа. Иара иажәақәа рыла, Александр Филоиан изы иҟоуп ашәарҭара ишьапқәа рыхҵәара рықәшәоит ҳәа. Иахьазы уи иҭагылазаашьа шьақәыртәоуп, ицәцаз ашьа харҭәаауп.

Александр Филоиан аминистр уа иҟазаараан аоперациа изыруан. Аоперациа қәҿиарала имҩаԥган. Ихәышәтәра ацҵаразы Краснодартәи аклиникақәа руак ахь дышьҭхоит.

Аҩбатәи апациент, Тимур Салимгариев, азеиԥш палатаҿ дышьҭоуп, иҭагылазаашьа бжьаратәуп.

"Шәарҭара имам. Ахқәа реиҳарак илҟьаны ицеит", - иҳәеит аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Пиатаков.

Агәабзиарахьчара аминистр Салимгариев иахь дыҩналеит, иеиҳәеит аԥснытәи аган ахьӡала иахәҭоу ацхыраара шиоуа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ахҭыс атәыла ахада ҷыдала ахылаԥшра шеиҭо.

Салимгариев уи ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, иагьиҳәеит иааидкыланы Аԥсны ахаҭа аганахьала ҽыԥныҳәа шимам.

Ажәабжьқәа зегьы
0