Амилаҭ цәа зхоу: адыга мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапҟазара иазкны

© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо
Гьоқан Ҭарҳаҟәо - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь аҿы адыга рԥыс Гьоқан Ҭарҳаҟәо ахьи, араӡни, аџьази ирылху, Кавказ ацәа зхоу еиуеиԥшым аҩычагақәа ҟаиҵоижьҭеи фышықәса ҵуеит. Ари ахықәкы шизцәырҵыз атәы Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.

Гьоқан Ҭарҳаҟәо (Демирчан) ашкол даналга ашьҭахь ахьиратә (ювелирный) ҵара далганы, ахьиратә ҟазарҭаҟны аусура далагеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гьоқан Ҭарҳаҟәо (Демирчан) иҟазарҭахь имҩахыҵуаз реиҳараҩык аҭырқәцәа ракәын. Дара рмилаҭтә символика ахьаарԥшыз аҩычагақәа ирыдҵаалон. Иаҳҳәап, аҭырқәа бираҟ ахьарбаз амацәазқәа, ахәдахаҵақәа. Гьоқан абарҭқәа аниба иаргьы имилаҭ цәа зхоу арԥшӡагақәа рыҟаҵара далагеит. Ианиқәманшәалаха, насгьы Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа идҵаало ианалага, ихатәы ҟазарҭа ааиртит.

© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо (Демирчан)
Амилаҭ цәа зхоу: адыга мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапҟазара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Гьоқан Ҭарҳаҟәо (Демирчан)

Сынтәа фышықәсоуп Гьоқан хықәкыла ари аус инапы алакуижьҭеи. 

"Кавказ асимволқәа арԥшӡагақәа, иаҳҳәозар амацәазқәа, алымҳареиқәа, ахәдахаҵақәа, анапхаҵақәа, амаҟақәа уҳәа рҿы иасырбо саналага, ирыдҵаалоз ауаа рацәаҩхеит. Анаҩс исыӡбеит схатәы ҟазарҭа аартны ҷыдала убри ахырхарҭа снапы аласкырц. Иахьазы аахәаҩцәа ирыдаагало атауарқәа рацәаӡаны иҳамоуп. Амилаҭ символика аҳәызба, асааҭқәа, аԥараҭра, аҭеисԥыҳә, амцаркыга, ацраҳәа, амаҭәақәа рҟны уҳәа ргәы иахьаҭаху ҷабганы, мамзаргьы ахьы, араӡны, аџьаз ирылхны иаҳҭоит, убас ауаҩы иҭаххарала зыжәла бзиоу ахаҳәқәагьы ҭаҳԥсоит", - иҳәоит Гьоқан.

© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа - Sputnik Аҧсны
1/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа - Sputnik Аҧсны
2/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа - Sputnik Аҧсны
3/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа - Sputnik Аҧсны
4/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа - Sputnik Аҧсны
5/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
1/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
2/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
3/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
4/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа
5/5
Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭа

Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапкымҭақәа иҟазарҭаҿы адагьы ажәлар ирыдигалоит еиуеиԥшым аныҳәатә еизарақәа рҟны. Аҳәса ргәы иахәаны иргоит кавказтәи арԥыси аԥҳәызбеи ахьарбоу аҩычагақәа, ахацәа еиҳарак адыга ма аԥсуа бираҟ ахьану амацәазқәа ирыдҵаалоит. Имаҷҩым зыжәла адамыӷ зну арԥшӡагақәа ҿазҵо.

© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо
Амилаҭ цәа зхоу: адыга мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапҟазара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Гьоқан Ҭарҳаҟәо

Гьоқан иажәақәа рыла, Кавказ асимволқәа зну аҩычагақәа егьырҭ амилаҭқәагьы адҵаалоит. Ус ҭырқәа ԥҳәызбак лҭаца ҵкы азы аҩычагақәа Гьоқан иҟазарҭаҿы иҿалҵеит.

"Уи аԥҳәызба адыгааи аԥсуааи рыгәҭа илызҳаит азы, ибзианы илдыруан Кавказ акультура зныԥшуаз аҩычагақәа. Лара лгәаҳәарала илзыҟасҵеит амаҟа, амацәаз, алымҳарыҩ, ахәдахаҵа, анапхаҵа", - инаҵишьит иара.

Иахьазы, Измиҭ ақалақь, Кавказ асимволқәа ахьаарԥшу арԥшӡагақәа Гьоқан иҟазарҭа заҵәык аҟноуп иахьыҟарҵо. Гьоқан излаиҳәаз ала, Ҭырқәтәыла иара дналаҵаны хҩык роуп ари ахырхарҭала аус зуа, аха еизакны аҭиразы иара заҵәык иоуп знапы алаку.

© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо
Амилаҭ цәа зхоу: адыга мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапҟазара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Гьоқан Ҭарҳаҟәо

"Кавказ адиаспорақәа ахьынхо атәылақәа рҟынтә ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа Ҭырқәтәылаҟа ианаауа, аӡәырҩы сара сҟны имааикәа ицаӡом. Стауарқәа аинтернет асаитқәа рҟны иӡыргоуп азы, сҭыӡҭыԥ рдыруеит, зны-зынла ҭелла ргәы иаҭаху аҩычагақәа ҿарҵоит", - иҳәоит анапҟаза.

© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо
Амилаҭ цәа зхоу: адыга мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапҟазара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Гьоқан Ҭарҳаҟәо

Гьоқан Ҭарҳаҟәо арԥшӡагақәа рҿы иаирбо асимволқәа аҭоурыхтә шәҟәқәеи аинтернети рҟынтә игоит, иҟалалоит аҩычагақәа ҿазҵо ргәы иаҭаху рхала ианидыргало.

© Sputnik / Саида ЖибаГьоқан Ҭарҳаҟәо
Амилаҭ цәа зхоу: адыга мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Гьоқан Ҭарҳаҟәо инапҟазара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Гьоқан Ҭарҳаҟәо

Адыга напҟаза ахьиратә ҟазарҭақәа рахь ахәыҷқәа разыҟаҵаразы ааԥхьарақәа ирҭоит, уахь иныҟәо амилаҭ еилаԥса роуп, аха даара аинтерес рзаҵоуп Кавказ аҩычагақәа рыҟаҵара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0