Аҟәатәи амбулатортә центр COVID-19 азы ауаа рацәаны иадҵаалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукНовый амбулаторный центр для ковидных пациентов
Новый амбулаторный центр для ковидных пациентов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 азы Аҟәатәи амбулатортә центр аусура иалагеит 2020 шықәса абҵарамзазы. Абри аамҭа иалагӡаны Ацентр аусзуҩцәеи амобилтә бригадеи зқьи хәышәҩык рҟынӡа апациентцәа рымаҵ рухьеит.

АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Аҟәатәи амбулатортә центр ахь COVID-19 азы ауаа рацәа ыдҵаало иалагеит ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ацентр акоординатор Валери Џьынџьал.

"Уаанӡа мышкы ахы-аҵыхәала жәаҩык рҟынӡа ҳҭаауазар, аҵыхәтәантәи хымш рыҩнуҵҟа ҩынҩажәа-ҩынҩажәи хәҩык мышкала иҳадҵаалоит. Абас аизҳарахь атенденциа мҩаԥысуеижьҭеи мчыбжьык ирықәуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Амбулатортә центр ахь инеиуа COVID-19 ԥсыҽны ма ибжьаратәны измоу роуп. Ацентр аус ауеит асааҭ жәба инаркны фбанӡа.

Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит COVID-19 аҽарцәгьеит ҳәа

"Ҳара апациентцәа ӡрила еиқәҳаршәом, аҳақьымцәа рус мҩаԥаагом. Ара амедиаҳәшьцәа иаҳҭаауа хәыда-ԥсада агәыр ршьа-рда иаларҵоит, ржьышәа иаларҵоит, иара убасгьы аҳақьым аконсультациа ииҭоит, ПЦР-анализи КТеи рымҩаԥгаразы адәықәҵабӷьыцқәа риҭоит", - иҳәоит Џьынџьал.

Иара убасгьы Ацентр аҟазауаа аҩныҟа инеины ацхыраара ҟарҵоит.

"Аобиективтә мзызқәа ирхырҟьаны ҳара ҳахь анеира злымшо рахь ауп ҳахьнеиуа", - ҳәа иҳәоит иара.

Акоронавирустә ҭагылазаашьа еиҭашәаанӡа ара аус руан медиаҳәшьаки ҳақьымки, аха рашәара 23 раахыс даҽа медиаҳәшьакгьы аусура далагеит ҳәа азгәеиҭоит иара.

Врачи у рентгеновского снимка - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2021
Роспотребнадзор COVID-19 аштамм ҿыцқәа еиҳа еиҭазго рыӡбахә рҳәеит

"Аҳҭнықалақь агәабзиарахьчара аусбарҭа ацхыраарала аштат иацаҳҵеит, аха агәаанагара сымоуп уигьы шазымхо азы. Аӡынразтәи аамҭақәа рзы аҳақьым, ҩыџьа амедиаҳәшьцәа, администратор аус руан, аха хҩахаха рымамызт, избанзар мышкала 50–ҩык иреиҵамкәа рымаҵ руыр акәын", - ҳәа иҳәоит Ацентр акоординатор.

Ацентр аҿы 11 иара ыҟоуп апациентцәа рзы, аха урҭ азхом. Ауаа рацәоуп шьыжьнаҵы, асааҭ 9:00 - 10:30 рзы, 20-25-ҩык аамҭак ала ианнеиуа ыҟоуп.

Акоординатор иазгәеиҭоит досу ихы дашьклаԥшлар шакәу акоронавирус шьҭимкаарц.

Амбулатортә центр Аҟәатәи аҭыӡҭыԥ: Ақырҭаа имҩ., 2 (Ацҳа Ҟаԥшь). Аимадара аномер +79409156202, +79407602602; Whatsapp: +7940915620

Ажәабжьқәа зегьы
0