Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра: аонкоцентр аус шауц иаулоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОнкоцентр в Сухуме
Онкоцентр в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2021
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада, ҽынлатәи астационар аиҳабы, ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада рганахьала ашьаус хацыркуп, хараны ирыдырҵоит акьыбачымазара змаз ирызкыз ахимио-гормоналтә хәшәқәа рхатәыртәуан ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Амилаҭтә онкологиатә центр уаанӡатәи арежим ала аусура мҩаԥнагалоит ҳәа иҳәеит ацентр аколлектив данырԥылоз Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс.

"Ари аганахьала сышәҩызоуп, ацхыраара ахьышәҭаху сыҟоуп", - иҳәеит Едуард Быҭәба.

Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын, ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа, ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада Лариса Кәакәасқьырԥҳа рганахьала ашьаус хацыркуп.

Судебный молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Аԥсны аонкоцентр аусзуҩцәа аҩнытә баандаҩра рықәҵоуп

Аминистр иҳәеит апациент хылаԥшрада даанхар шзалымшо аҩнуҵҟатәи административтә проблемақәа рзы.

"Азинхьчаратә усбарҭақәа ари аус аҭҵаара иаҿуп ишыздыруала акыр мзы. Аколлектив иҟоу аҭагылазаашьа иахьмырԥшкәа аӡәк иеиԥш шәус шынашәыгӡо агәра згоит", - ҳәа иҳәеит Быҭәба.

Амедусзуҩцәа аминистр агәра идыргеит рус ишацырҵо, ачымазцәа иахәҭоу ацхыраара шроуа.

Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын ҩымз аҩнытә баандаҩра иқәҵазарц ҳәа азыӡба аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа.

Аиԥш зеиԥшу азыӡба рыдыркылеит ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада Лариса Кәакәасқьырԥҳа лганахьалагьы.

Ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа лҿахәы лҿыхразы ааԥхьара лыман, аха лгәамбзиара иахҟьаны аусԥшааратә усзуҩцәа рахь дымнеит. Ахҭыс азы аусҭҵаара мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0