Аслан Бжьаниеи Беслан Ешбеи амшцәгьа ашьҭахь Аҟәа иаиуз аԥхасҭа еицгәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания и Беслан Эшба провели инспекцию по Сухуму после урагана
Аслан Бжания и Беслан Эшба провели инспекцию по Сухуму после урагана - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны аԥшатлакәи ақәаршыҩи ахысит. Уи иахҟьаны Аҟәа аԥхасҭа аиуит, аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи ԥхынгәы 4 рзы иҟаз амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа аԥхасҭа ахьаиуз ахәҭақәа ирҭааны игәарҭеит.

Сильный ветер в Сухуме повалил деревья  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аԥсны иасуаз аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа: иалкаау

Атәыла ахадеи аҳҭнықалақь ахадеи астанциа маҷ НИИ ЕПиТ аҟынтәи ицо афымцацәаҳәақәа ахьԥҵәаз Ӡиӡариа имҩа, аҵла дуқәа ахьхжәаз Воронов имҩа рахь инеит, ақалақь агәы иаиуз аԥхасҭа ахәшьара арҭеит.

Бжьаниа иазгәеиҭеит аԥхасҭа зегьы иааидкыланы ахәшьара анарҭалак ашьҭахь, аҳәынҭқарра хара имгакәа уи аԥыхразы аԥара шоунажьуа.

"Сара хаҭала избар акәын иҟоу аҭагылазаашьа, избанзар атәыла ахадас сыҟоуижьҭеи ари аҩыза сақәымшәацызт. Ақалақь ахадара иалшо зегь ҟанаҵоит амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы. Аҷкәынцәа иаха ҵхыбжьонынӡа аус руан, иахьагьы шьыжьнаҵы рус иацырҵеит. Иҟалаз ԥсабаратә цәырҵроуп, уи азԥхьагәаҭара уадаҩуп", - иҳәеит иара.

Беслан Ешба излеиҳәаз ала, Аҟәа ааха ӷәӷәа аиуит, аԥшатлакә аҩнеихагылақәеи ахатәы ҩнқәеи рхыбқәа рыхнахит, афымцацәаҳәақәа ԥнаҵәҵәеит, ашьаҟақәа хнажәеит, 70 раҟара ҵла канажьит. Аҳҭнықалақь ахада иажәақәа рыла, аекологцәа уажәы иҭырҵаауеит, зеиқәырхара алшо аҵлақәа аус рыдырулоит.

Ешба иара убас иазгәеиҭеит Аҳабла ҿыц, Гәымсҭа Амассив, Ажәытә ҳабла, ақалақь агәаны иҟоу Ҩардан имҩеи Имам Шамиль имҩеи рҟны аҩнеихагылақәа ааха шроуз. Макьана урҭ рхыԥхьаӡара нагӡаны ишеилкаам.

"Раԥхьаӡа иргыланы ҳара еиҳа иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҭыԥ иқәаҳҵоит - аҩнеихагылақәа рхыбқәа қәаҳҵоит, ақәа леир, аӡы ауаа ирыҵамларц азы. Аусзуҩцәа шаҟаҩ аҭаху адԥхьалоуп. Ажәытә ҳаблаҿы х-ҩнык хырҩахьеит, Аҳабла ҿыц аҿгьы аусура иаҿуп. Аргыларатә маҭәахәқәа хыхьынӡа рхалагалараҿы ауадаҩрқәа ыҟоуп, ашьҭыхга-кран ҳарак ҳашьҭоуп ари азҵаара аӡбаразы", - иҳәеит иара. 

Ешба иажәа иацҵо иҳәеит икаҳаз аҵлақәа ишыԥхасҭартәыз афымцацәаҳәақәа, аӡымҩангагақәа.

Ликвидация последствий шторма в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аԥсны АҶА иасыз аԥша иахҟьаны амҩақәа ирныжьыз аҵлақәа зегьы дрыцқьеит

"Ақәа алеира иалагар ҳәа сшәоит, избанзар аҩарцарҭақәа аус бзианы ируӡом, аҳәынҵәеи абӷьыжәи уахь иҭанагало иалагар, иҭачуеит, аӡхыҵра ҟалоит. Иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит аҭагылазаашьа еицәамхарц азы", - иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақь ахада иара убас иажәа иацҵо иҳәеит макьана ишеилкаам амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аԥара ахьынтәиаарго, аха "аҳәынҭқарреи атәыла ахадеи рыцхыраарада ирылшо маҷуп", - иҳәеит иара. Иҟалаз аԥхасҭазы аматериалқәа зегьы нашьҭхоит Аԥсны ахада иҿы иҟоу Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы акомиссиа ахь.

Аԥсны амшцәгьа ҟалеит ԥхынгәы 4 рзы ахәылбыҽха. Аԥшатлакә иахҟьаны Аҟәа аҵлақәа хжәеит, афымцацәаҳәақәеи атроллеибустә цәаҳәақәеи ԥыҵәҵәеит. Аҭагылазаашьа иҵегьы еицәамхарц азы ирыӡбеит аҳҭнықалақь зегьы алашара аҿырхырц. Аԥсны ахәҭаки Аҟәа зегьи ӡыдеи лашарадеи иаанханы иҟан. 

Ажәабжьқәа зегьы
0