"Амшынеиқәафымцамч": араионқәа зегь рҿы аусурақәа ԥхынгәы 6 рзгьы ирыцҵахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛиквидация последствий шторма в Сухуме
Ликвидация последствий шторма в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥшатлакәи ақәаршыҩи Аԥсны зегьы иахысит ԥхынгәы 4 рзы. Уи иахҟьаны атәыла аиҳарак аԥхасҭа аиуит.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik. АУН "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны иахысыз аԥшатлакә афымцамч ианаҭаз аԥхасҭа атәы.

Иара иажәақәа рыла, иахьатәи амш иалагӡаны атәылауаа реиҳараҩык алашара рызнаргоит, аха ԥхынгәы 6 рзгьы изыцҵатәхо аусқәа ҟалоит.

Аԥсабара ангәрымуа: амшцәгьа Аԥсны аахас ианаҭаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
"Аԥсабара ангәрымуа": амшцәгьа Аԥсны аахас ианаҭаз

"Иҟоуп атехника анеира ахьацәыуадаҩу аҭыԥқәа. Ҳара раионцыԥхьаӡа еихаҳшеит аусурақәа рымҩаԥгаразы иаҭаху амаҭәахәқәа, ҳусзуҩцәа тәамҩахә рымамкәа аусура иаҿуп", - ҳәа азгәеиҭеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ.

Иара ишиҳәаз ала, атәылаҿы раионкгьы нымхеит аԥхасҭа змоуз. Аха зегь реиҳа афымцамч ааха аиуит Гагра, Гәдоуҭа араионқәеи Аҟәеи. 

"Очамчыра, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал араионқәа рҿы ааха еиҳа имаҷуп", - иҳәеит иара.

Икаҳаз аҵлақәа афымцацәаҳәақәа ԥырҵәҵәеит, иара убас афымцашьаҟақәагьы хжәеит.

"Раԥхьа еиҭашьақәдыргылоит 6-10-ти киловольт иҟоу ацәаҳәақәа, уи Гагреи Тҟәарчали араионқәа рҿоуп, урҭ иахьа иалагӡаны рҭыԥ иқәҵахоит. Акырџьара афымцацәаҳәақәа адгьыл аҿы икажьуп, ус ишыҟоу алашара ҳзаҿакуам, ауаа рзы иахьшәарҭоу азы. Убри азы урҭ зны ишьҭыхтәуп, нас ауп афымца анашьҭра анрылшо", - иҳәеит Блабба.

Аԥшатлакәи ақәаршыҩи Аԥсны зегьы иахысит ԥхынгәы 4 рзы. Уи иахҟьаны атәыла аиҳарак аԥхасҭа аиуит - аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит. Атәыла аиҳарак ӡыдеи лашарадеи иаанхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0