"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукФестиваль "Opera Viva" прошел на набережной Сухума
Фестиваль Opera Viva прошел на набережной Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Анапаҵаҩра
Сынтәатәи афестиваль изкын еицырдыруа италиатәи акомпозитор Џьоаккино Россини, амузыкантцәа иадырҳәон ԥсра зқәым иара иаԥҵамҭақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәларбжьаратәи афестиваль "Opera Viva" мҩаԥысит ԥхынгәы 9 рзы, Аҟәа.

Адамыр Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба аоператә фестиваль "Opera Viva" иазкны

Аԥхьанатә афестиваль аиҿкааҩцәа аконцерт мҩаԥыргарц ргәы иҭан С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы, аха атәылаҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, аконцерт уи ашҭаҿы имҩаԥыргеит.

Аконцерт адәахьы амҩаԥысра ауаа рацәа адныԥхьалеит, аконцерт иаҭаарц згәы иҭамызгьы аклассикатә музыка гәахәарыла ирыдыркылеит. Адраматә театр ашҭа ҭәын ауаа рыла, уи иадеизалеит амузыка абзиабаҩцәа.

Аконцерт иаҭааз асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан аԥсшьаҩцәа.

"Аепидемиа иахҟьаны акультуратә усҳәарҭақәа аркхоит ҳәа анҳарҳәа, ҳгәы иалсит, аха иахьа амшын аԥшаҳәаҿы ҳшынеиааиуаз ари аконцерт ҳақәшәеит, уи гәахәарыла ҳахәаԥшит", - лҳәеит Воронежынтәи иааны Аҟәа зыԥсы зшьо Ирина.

Аконцерт аҿы аамҭак азы асцена еицықәгылан шәҩык амузыкантцәа. Апрограмма иалан Аԥсни Урыстәылеи рмузыкантцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Адыгеиатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла ахкынагӡаҩцәа, иара убас еицырдыруа ахкынагӡаҩцәа Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба, Екатерина Богачева, Иулиа Почкалова, Иури Ростоцки, Владимир Казаков.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
Opera Viva: амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны - Sputnik Аҧсны
1/6
"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
© Sputnik / Томас Тхайцук"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
Opera Viva: амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны - Sputnik Аҧсны
2/6

© Sputnik / Томас ТхайцукФ"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
Opera Viva: амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны - Sputnik Аҧсны
3/6
Ф"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
© Sputnik / Томас Тхайцук"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
Opera Viva: амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны - Sputnik Аҧсны
4/6
"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
© Sputnik / Томас Тхайцук"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
Opera Viva: амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны - Sputnik Аҧсны
5/6

6/6
"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
1/6
"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
2/6
"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
3/6
Ф"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
4/6
"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
5/6
"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны
6/6
"Opera Viva": амузыкатә фестиваль мҩаԥысит Аԥсны

"Афестиваль иаҭааз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Сақәгәыӷуеит афестиваль аҳәаақәа аҽарҭбаап ҳәа. Арҿиаратә мҩаду ҳанылеит ҳәа азысыԥхьаӡоит", - ҳәа лҳәеит апроект аиҿкааҩ Нинель Бжьаниа.

Афестиваль гәахәарыла ирыдыркылеит Аԥсны асасцәа реиԥш аҳҭнықалақь ауааԥсырагьы.

Афестиваль аиҿкааҩцәа ргәы иҭоуп ари аконцерт есышықәса, мышқәак инеиԥынкыланы имҩаԥыргаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0