Аԥсны аус адырулоит агәабзиарахьчаразы азакәанԥҵара

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Аусутә гәыԥ иалоуп Жәлар Реизара адепутатцәа, азиндырҩцәа, ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб алахәылацәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент иаԥнаҵеит Аԥсны агәабзиарахьчаразы азакәанԥҵара аус адызуло гәыԥ.

Аусутә гәыԥ напхгара аиҭоит Жәлар Реизара асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәеи рзы аилак ахантәаҩы Алхас Џьынџьал.

Иара убас агәыԥ иалоуп: агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиса Арӡынԥҳа, Аминистрцәа реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Андреи Гәниа, аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ромео Черқьезиа, аексперименталтә патологиеи амедицинеи рыҭҵаарадырратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Алиса Матуаԥҳа, адепутат Алмасхан Барцыц, аоперштаб иалоу аҳақьымцәа.

Аусутә гәыԥ аусура иалагоит абҵарамза 1 инаркны, дара жәабран 1 аҟынӡа еиқәдыршәароуп агәабзиарахьчаразы азакәанԥҵара апроект.

Аусура иақәхарџьхоит 329 760 мааҭ, аԥара азоунажьуеит - Аԥсны Апарламент.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0