Раԥхьатәи ашьа: 1989 шықәса ииультәи ахҭысқәа Коба Ҷыҭанаа иблақәа рыла

© Sputnik / Цагарели / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСолдаты внутренних войск МВД контролируют дороги на территории Абхазии во время действия режима чрезвычайного положения в 1989 году. Архивное фото.
Солдаты внутренних войск МВД контролируют дороги на территории Абхазии во время действия режима чрезвычайного положения в 1989 году. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Анапаҵаҩра
1989 шықәса ԥхынгәы 15-16 рзы аԥсуа-ақырҭуа еидысларақәа ирылахәыз Коба Ҷыҭанаа урҭ амшқәа игәалашәараҿы ишаанхаз атәы дырзааҭгылеит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аибашьра ашьҭахь еиҵагылаз абиԥара ҿыц ашәҟәыбӷьыцқәеи, ҳаиҳабацәа ражәабжьқәеи рыла ауп ишаҳдыруа ҳажәлар знысыз аҭоурыхтә мҩа хьанҭа. Сара исаҳаз ажәабжь шәаргьы ишәсырдырырц азы, саб иашьа Коба Ҷыҭанаа исзеиҭазҳәаз иажәақәа еицакрада ишәыдызгалоит.

© Foto / Аинар ЧитанааКоба Ҷыҭанаа
Раԥхьатәи ашьа: 1989 шықәса ииультәи ахҭысқәа Коба Ҷыҭанаа иблақәа рыла - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Коба Ҷыҭанаа

Раԥхьатәи аидыслара

- "Ахьӡ-аԥша апарк ахи-аҵыхәеи зегьы ақырҭцәа рыла иҭәын аҽны. Ҳара ҳлабақәа кны афилармониа аганахьала ҳанрыжәла, азныказы иахьцаз-иахьааз умбо еимбӷьыжәааит. Ианыҩ, ҳаргьы ҳаҩуа ҳрышьҭалан, икны рыпҟара ҳаналага, џьоукы ирбоз хыбрак аҟны рҽырӡеит, даҽа џьоукы зынӡа амшын иалаԥалеит. Аилаҩынтра бааԥсы ҟалеит, ажәакала.

Беспорядки на межнациональной почве в Абхазии. Сотрудники МВД Абхазии в одном из сел - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2022
Еибашьрада еилгашьа шыҟамыз ҳнырит: 1989 шықәса ԥхынгәымзазтәи ахҭысқәа

Дук мырҵыкәа, уажәы Ахақәиҭра ашҭа ҳәа иахьашьҭо аԥсуаа ҳаизеит, жәанызықьҩык ҳаиҵамкәа. Аха ақырҭцәа рҽеибаркны иаараны иҟоуп ҳәа анҳаҳа, хышә-ԥшьышәҩык раҟара аԥхьаҟа ҳааскьан, ҳарзыԥшны ҳаагылеит. Ус даргьы аауеит, аха, маҟҿаҳәара рҽеилыхны, бџьарла еиқәных, агәыз-чызҳәа ихысуа, рыла аш хыланы…

Аботаникатә баҳча иааҩысуан, идыршәуаз ахаҳәқәа ҳалаҳара ианалагаз. Хыԥхьаӡаралагьы дара еиҳан. Уажәымзар уажәы ҳаидыслараны ҳшыҟаз акәымкәа, артҟәацга анрылаԥжәа, уалԥшны акы умбо алҩа еиқәаҵәа ықәчит. Алҩа маҷк ианааиқәтәа жәларык ашьаҟәада рҿашәы иахьеилажьыз ҳнарылаԥшит. Ашьразы иамшьӡеит, аха уаҳагьы рынкылашьа ыҟамзар ҟаларын.

Арҭ ршьарахь ианааи, аԥхьанеиԥш ршьапы рҽадырго ианалага, ҳаргьы ҳаҩуа ҳрышьҭалеит. Ԥыҭҩык ашьха аганахь рҿынархеит, аха исыцыз сҩыза Бесик Кәакәасқьыри сареи афилармониа аганахь ицақәаз ҳрышьҭалеит. Ус иҳазгәамҭаӡакәа ҳхалазаҵәык ақырҭцәа рмацәаз ҳҭашәазаап: схы санааҩаха, ҩажәаҟа метра сыварахь хәҩы-фҩык ақырҭцәа Бесик иқәпапаны дыркуп, аинибарҵәара цоит. Арҭ уҳәҳәаны уанрыжәло ишшәоз гәаҳамҭахьаз. Лаба дук аашьҭысхын, сыбжьы ҭцаны сыҳәҳәо, рганахь сыҵҟьеит. Даргьы, сыбжьы анраҳа, арматура ала Бесик ишьҭахьҟала ихы иасын, наҟ ибналеит.

Уажәшьҭа урҭ сабарышьҭало, сҩыза ихы ҭаԥҽны, ашьаҟәада иҿашәы дкажьуп. Даҽа аԥсуа ҷкәынак дсыцхраан, дышьҭыхны хыхь, Бараҭашвили ахәышәтәырҭахь дҳаманы ҳнеит. Аха ара ҳара иаҳҟәаҟәаз ақырҭцәа раагара иаҿуп, ихыҵны, атәыла бганы иҟоуп. Уажәы ҳаргьы ҳақырҭцәо џьыршьар ауп, акәымзар ҳаршьуеит. Саалаган дара реиԥш саргьы маҟҿаҳәара сҽеилысхын, Бесикгьы хыхь ишәыз ишәысхын, дсыманы снеит, аха сҩыза макьана ишьарахь дмааиндаз ҳәа ауп сшыҟоу. Анцәа иумҳәан, ацәа даалҵны, иҟоу еилиргаанӡа иакәқәам рызҳәара даналага, нас ҳара ҳтәы ҳәа акгьы шыҟамло еилкааз усын.

Вахтанг Пипия - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2019
Хра злоу ахҭысқәа: Вахтанг Ԥиԥиа ԥхынгәы 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа ирызкны

Атәым "жәҩан" аҵаҟа

- Ахәышәтәырҭаҿы ҳашгәарҭазҵәҟьа, ихәны иҟаз асакаса днанырҵан, дганы аоперациа аҟаҵаразы дышьҭарҵеит. Арахь егьи исыцыз аҷкәын скажьны дыбналан, схала заҵәык ара саарылахеит. Схы агарҭа сымамкәа, сгәаҭеиуа акоридор сшабжьаз, Бесик сыхьӡ ҳәаны ишҿиҭуаз саҳаит. Амыждаразы ишьарахь дааиуан. Схацәа дагьықәыԥшит, иагәыдҵаны ақырҭцәа иҿы иҭашәоз ала рыхәҭаагьы риҭеит, ҿыц ихдыррагьы неицәыӡит. Ауада иҩназ рзы уажәшьҭа еилкаан ҳшаԥсацәаз.

Исыздырам ус изырҟаҵаз, аха аҳақьым ҳимҭиӡеит, уи моу дагьҳацхрааит. Ачымазаҩ ацхыраара ласы амашьына дҳазҭарҵан, республикатә хәышәтәырҭахь ҳаргеит. Уа ҳахьнеиз иҭынчрашәа иҟан аҟнытә, саргьы маҷк сыԥсы неивызгеит.

Бесик ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы данышьҭарҵа уажәшьҭа сызлаихәагәышьоз, шьапыла авокзал аҟынӡа сылбааит. Аԥара сымаӡамызт, аха атакси шьҭыхны Баслахәнӡа саланеир, нас аҩны ҟәрышьқәак шԥармоури аасгәахәит. Авокзал аҟны сахьааиз аҵара исыцҭаз ақырҭуак иашьцәеи иареи аасҿаҳаит. Ашьаҟәада сарганы санырба, иухьи ҳәа исазҵааит, ҳәара аҭахума. Аха сара иҟалаҵәҟьаз расымҳәаӡеит, аибаҟәаҟәара иахьаҿыз машәыршәа ҳрылашәан ҳаргьы ҳрыпҟеит ҳәа ауп ишрасҳәаз.

Ауха уа адәыӷба ҳҭаианы ҳацәеит. Адырҩаҽны Боржомҟа акәу џьара ицоз автобус ҳҭатәаны ҳҿааҳхеит. Иҭатәоу зегьы ақырҭцәоуп сара сыда. Арҭ исыцқәаз сгәы сҽанырҵеит сыбжьы смыргаларц, избанзар уажәы-уажәы ақырҭқәа бџьарла еиқәных автобус нкыланы, аԥсуа дыҟоума ҳәа иҵаауан, еимырдон. Ацҳа ҟаԥшь аҟны убыс ҳныркылеит, Маҷарка амилициатә пост аҟны зынӡагьы ҳавтобус ҳамыхны ҳалбаарцеит.

Алеко Гварамия - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2019
Арадио
Гәарамиа 1989 ашықәсазтәи ахҭысқәа рзы: агәра ҳгомызт ААУ аиқәырхара алыршахоит ҳәа

Кәыдрынӡа еихамҩала

- Шьапыла ҳашнеиуаз, дук мырҵыкәа даҽа автобуск ҳашьҭнахын, Дранданӡа ҳнеит. Аха ара ҳахьааиз иубаз еицәа убеит ҳәа, зынӡа ихыҵны игылоуп. Автобус ҳанҭыҵ, ари сҩыза ақырҭуа сиган, ақаҭран азауадахь абжьаларҭа ахьыҟоу ачықьраҿы сиҵәахит. Ишсеиҳәаз ала сара ара сизыԥшыр акәын, иара иашьцәа ԥшааны, дышсыццо раҳәаны дхынҳәаанӡа. Нас мшынҟәарала ҳаваланы ҳцоит ҳәа сақәиргәыӷит. Иара изы закәыыз, амҩа алагьы ҭынч дцар ауан, иԥырхагадаз. Аха сара схала скажьны дцарцгьы иҭахымхаӡеит.

Аха уи дхынҳәаанӡа сара исзымычҳаӡеит, сгәарҭар ҳәа сшәеит. Аихамҩа ианыршәланы сҿынасхеит. Сышнеиуаз аихамҩа ацҳаҿы снаӡеит. Нахьхьы, саныԥшы амашьынақәа рымҩа ацҳаҿы хәышәҩык раҟара ауаа гылоуп, абџьарқәа кны. Аха аихамҩа ацҳагьы кны итәоуп ҳәа сыҟоума…

Ҩбаҟа метра сықәланы сааихьан еиԥш, ацәажәабжьқәа ансаҳа ҵаҟа сҭаԥшызар, уагьы ԥыҭҩык хыҵны еилагылоуп. Аха иҟасҵои, арҭ уажәы ишакәхалакгьы ирывстәуп, шьҭахьҟа хынҳәышьа сымаӡам. Усҟан саргьы ҩысҭаарак сыӡбеит: аганахьшәа иҟаз аԥшҭра сҽылакны, схы дмырбаӡакәа сраҩсит.

Аҵыхәтәантәи агәыӷра

- Кәыдры аӡиас амшын иахьалало аҭыԥаҿ саннеиз амшгьы еихәласхьан, ақәа аура иаҿын. Аӡы аауеит аха, еиқәаҵәамлаҳаӡа, ауразоуроу ихышхыҵәаны. Аха иҟасҵагәышьои, смырыр ада ԥсыхәа сымаӡам. Аӡы сҭалаанӡа сшьамхнышгыланы Анцәа сиҳәеит, уаҳа даҽа гәыӷрак сымаӡамызт. Гәык-ԥсык ала иахьысҳәаз акәу сыздырам, аха ихагаханы иаауаз ацәқәырԥақәа сшақәымгәыӷуаз ала имарианы сыриааин, Аӡҩыбжьа аганахь сырит.

1989 шықәсазтәи Гагратәи амлашьратә акциа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2019
Цкәуа 1989 шықәсазы дызлахәыз амлашьразы: ҳажәлар рзинқәа шыԥкыз дҳарбон

Уажәшьҭагьы ихадам аихамҩа саныланы сҿынасхеит, ихадоу ахь скылнагап, нас уи Очамчыранӡа саццап ҳәа азыӡбаны. Сышнеиуаз акәымкәа, иаалырҟьаны сывараҿыҵәҟьа ацәажәабжьқәа слымҳа иааҭасит. Аха исаҳауаз аԥсышәоу, игыршәоу цқьа исзеилмыргеит. Дара хҩык еицын. Уажәы зынӡа санаарыхҭыгәла, урысшәала аԥсшәа сҳәеит, еиҳа еиӷьхап сгәахәын. Руаӡәы гыршәала аҭак ансиҭа, сабарылаҳауаз аасгәахәит.

Аха егьырҭ ҩыџьа аԥсацәазаарын, Зарандиаан, аби аԥеи еицын. Егьи раԥхьа аҭак сызҭаз дагыруан, ргәыла хаҵа иакәын.

Арҭ аби аԥеи рыҩныҟа сырган акры сҿарҵеит, акры сдыржәит, амаҭәа цқьа сырҭеит, сшьарахь сааргеит. Ани агыруа дцаны иара итәқәа рҿы ацәгьа иҳәазаап, Ҷыҷыкәа Зарандиа аԥсуа партизан дҵәахны димоуп ҳәа. Даргьы, дук мырҵыкәа, иҵәахны иумоу ухала дҳаумҭар, ҳнеины думаҳхуеит ҳәа аԥшәма илымҳа инҭыршьзаап. Ҷыҷыкәа иҷкәынцәеи иареи абџьар кны сыхьчо изтәаз змааназ нас ауп ианеилыскаа.

Аилаҩынтрақәа иҟаз маҷк еиқәтәаанӡа аԥшәмацәа сырмышьҭӡеит, уҭаацәа зназы ргәы ҭҟьазаргьы, амҩан џьара ухы ԥырҽыр аасҭа еиӷьуп ҳәа саҳәаны. Зарандиаа хәымш сырҭан. Афбатәи амш азы, Ҷыҷыкәа Очамчыраҟа иаауаз амашьына саиҭан, иԥшәма ԥҳәысгьы дсыциҵеит, снаскьаганы дхынҳәырц. Иабжьаӡыз аӡә иеиԥш сзыԥхьаӡоз сҭаацәеи сқыҭауааи санырба, рыла иабоз сара шсакәыз рызхаҵомызт" - ихиркәшеит иажәабжь Коба.

Ари аҟны аԥсҭазаара аԥышәара нымҵәаӡеит. Иҟан ацәыӡ дуқәа зцыз аибашьреи, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭеи. Урҭ зегьы еидҳәало, аха убри аамҭазгьы хазы игоу ҭоурыхқәоуп, зныкҟьара узеицырхьысӡом. Уажәы исаҳаз ажәабжь, исзеиҭазҳәаз изы 30 шықәса зхыҵыз гәалашәароуп, аха сара сзы иҭоурыхуп, жәаҳәарада.

30 шықәса раԥхьа ԥхынгәы 15-16 рзы Аԥсны иҟалеит ақырҭцәеи аԥсуааи реидысларақәа. Қырҭтәыла аекстремисттә ԥызацәа Гамсахәырдиа, Костава аԥсуаа ирҿагыланы имҩаԥыргоз ауснагӡатәқәа Аԥсны аҭагылазаашьа аруадаҩра иазырхан. Аидысларақәа раан 17-ҩык ҭахеит, 400-ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0