Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аконцертқәа ҟалаӡом

© SputnikМеждународный фестиваль "Хибла Герзмава приглашает" прошел в Сухуме
Международный фестиваль Хибла Герзмава приглашает прошел в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2021
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Аԥсны есышықәса иззыԥшу, иналукааша культуратә хҭысуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Нанҳәамзазы иазԥхьагәаҭаз афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аконцертқәа ҟалаӡом ҳәа лыҩуеит ашәаҳәаҩ Facebook аҿы.

"Афестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысран иҟаз аконцертқәа ҟалом. Дара азԥхьагәаҭан нанҳәа 13 азы Пицундатәи ауахәамаҿи нанҳәа 15 азы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿи", - ҳәа лыҩуеит Гьерзмааԥҳа.

Аоператә шәаҳәаҩы иазгәалҭоит урҭ рыхәҭак 2021 шықәса ҭагалан азы имҩаԥысыр шалшо.

Аԥсны акультура аминистр иусԥҟала ҳтәылаҿы аминистрра иаҵанакуа акультуратә усбарҭақәа – атеатрқәа, аконцерттә залқәа, ацәыргақәҵатә залқәа уҳәа русура аанкылахеит ԥхынгәы 12 инаркны, акоронавирус аламырҵәаразы.

Азеижәтәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысраны иҟан Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа, Аҳәынҭқарратә камертә оркестр "Виртуозы Москвы" (анапхгаҩы - СССР жәлар рартист Владимир Спиваков), Санкт-Петербургтәи Аурыс балет Академиа ааӡамҭа, абалерина Кристина Ҷкотуа.

2020 шықәсазы афестиваль акоронавирустә пандемиа иахҟьаны имҩаԥырымгеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0