Адепутатцәа афымцамчхара инадҳәаланы атәыла ахада иахь ааԥхьамҭа рыдрымкылеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Заседание в парламенте Абхазии
Заседание в парламенте Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 26 азы имҩаԥысит Апарламент ааԥынтәи асессиа аҵыхәтәантәи аилатәара. Адепутатцәа ԥсшьара ицоит нанҳәа 1 инаркны цәыббра 6 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа афымцамч зҭагылоу ауадаҩрақәа инарыдҳәаланы атәыла ахада иахь ааԥхьамҭа "ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рзы ихрам аҟазшьа змоу аенергетикатә усхк аҟны акризис" ақәҵара рыдрымкылеит. 

Адокумент инақәыршәаны адепутатцәа абжьгара ҟарҵон:

  • Нанҳәа 1 2021 шықәсанӡа ахада адҵа ҟаиҵарц акриптовалиута арҳаразы амаинерцәа апроваидерцәа аинтернет ресурсқәа рырмҭаларц;
  • Афымцамч усхк, ауаажәларра, аҳәынҭқарра аматериалтә ԥхасҭа рыҭаразы аҳәынҭнапхгараҭара аусбарҭақәеи урҭ рнапаҵаҟа иҟоу аиҿкаарақәеи, аусҳәарҭақәеи  афымцамчусхк  аҟны аҭакԥхықәра раҵаргыларазы ауснагӡатәқәа идикыларц;
  • Аминистрцәа реилазаара жәамш рыҩныҵҟа Апарламент иазынарышьҭыр ауп Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиуразы иҟоу ауал ашәаразы афинанстә хыҵхырҭақәа рзы аинформациа, иара убасгьы ԥхьаҟатәи ҭагалан-аӡын азтәи алашараиуразгьы;
  • Апрокуратура нанҳәа 1 2021 шықәсазынӡа имҩаԥнагароуп "Амшынеиқәафымцамчи" анапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәеи русураз акомплекстә гәаҭара;

Апарламент жәамш рыҩныҵҟа иазнархиароуп амаҵзурауааи аҽа хаҿқәаки Аԥсны азакәанԥҵара массала аилагареи, иара убасгьы ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рзы иҵоурам аҟазшьа змоу афактқәеи рыҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0