АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Аҟәа аӡыҭгагатә станциақәа ҩба ааха роуит ԥхынгәы 27 ауха илеиз ақәаршҩы иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Ааха зауз Кьылашәыртәи астанциақәа ӡыла еиқәдыршәон Синоп, Турбаза, Гәылрыԥшь араион, Агәыӡера.
Аҟәа ахадара анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба ишиҳәо ала Гәылрыԥшьтәи аӡыҭгагатә станциа аӡы ахыҵәеит. Агәыӡереи Синопи ӡыда иҟоуп амыругақәа зегь ахьырбатәу азы.
"Кьылашәыртәи астанциа акәзар, уа аҭагылазаашьа уадаҩуп. Аӡы иқәнагеит 120 метра иҟаз аӡымҩангага. Аӡы шьҭыҵны иҟоуп, уа аусурақәа залшом. Уи адагьы амҩа ахьықәнаӡәӡәааз азы атехника знеиуам. Аӡы антәалак ҳәа ҳаԥшуп", - иҳәеит Аҩӡба.
Уи адагьы ӡыда иҟоуп Баҭымтәии Ҷанбеи амҩақәа, ақыҭақәа Баслаҭеи Ӡыгәҭеи. Турбаза макьаназ актәи аихагылақәа аӡы рымоуп. "Аӡыканал" аӡҩеира ашьҭыхраз аусурақәа ирҿуп. Аремонттә усурақәа ирылагоит аӡы антәалак.
Ԥхынгәы 26-27 ауха Аԥсны ақәа ӷәӷәӷа леит. Ааха роуит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Очамчыра араионқәа руааԥсыра.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ԥҳазариа еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны Хыԥсҭа ақыҭа иаиуз аԥхасҭа атәы