Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Борис Қәҭарба

© Sputnik / Томас ТхайцукКутарба Борис Камшишович
Кутарба Борис Камшишович - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2021
Анапаҵаҩра
Борис Қәҭарба арра иԥхьеит 1944 шықәса рзы, уи дахысны дхынҳәит 1950 шықәса рзы. Иара ианашьоуп "Кавказ ахьчареи" "Германиа аиааиреи" рзы амедалқәа.
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Борис Қәҭарба.
1941 шықәса, Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду ианалага Борис Қәҭарба 14 шықәса ихыҵуан. 1944 шықәсазы 17 шықәса ирҭагылаз Борис аррамаҵзурахьы иԥхьоит, Баҭым дақәшәоит. Уи ашьҭахь Қәҭешьҟа ииган аибашьра ахь ацаразы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуан, аха Борис Қәҭарба дызлаз агәыԥ Баҭымҟа еиҭадырхынҳәоит. Борис аррамаҵзура дахысуан 1950 шыықәсанӡа, асҭаршин ичын иман.
Аррамаҵзура ашьҭахь Борис Қәҭарба иԥсадгьыл ахь дхынҳәит, Баҭым еиуеиԥшым арратә маҵурақәа шидыргалозгьы. Борис Қәҭарба ианашьоуп "Кавказ ахьчареи" "Германиа аиааиреи" рзы амедалқәа. 11-ҩык ахшаареи, 23-ҩык амоҭацәеи, урҭ ирхылҵыз 18-ҩык амоҭацәеи имоуп.
Маи 9 рзы Аиааира ду амш идыиныҳәаларц аибашьра ду аветеран Борис Қәҭарба хаҭала диҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
© Foto / пресс - служба Президента РААиааира ду амш идыиныҳәаларц аибашьра ду аветеран Борис Қәҭарба хаҭала диҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Президент Аслан Бжания утром 9 Мая поздравил ветерана Великой Отечественной войны Бориса Кутарба с 75-летием Победы и вручил денежный подарок. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аиааира ду амш идыиныҳәаларц аибашьра ду аветеран Борис Қәҭарба хаҭала диҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0