Аԥсны алаҵаҟаҵара еиҭахацыркхоит нанҳәа 10 инаркны

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦентр вакцинации от COVID-19 в Лужниках
Центр вакцинации от COVID-19 в Лужниках - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутник Лайт", агәабзиарахьчара аминистрра иатәу ашьҭаҵарҭақәа рҟны архьшәашәагақәа ирҭаҵаны иҵәахуп.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҟны акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара еиҭахацыркхоит нанҳәа 10 инаркны, абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра. 
"Алаҵа алаҵаҟаҵара ахьымҩаԥырго амедусҳәарҭақәа ирзыршоит. Уи -18 градус еиҳамкәа иҟоу ахьшәашәараҿы иҵәахызароуп. "Спутник Лайт" знык аҵаа алухыр, иаразнак ауаҩы илоуҵароуп. Ҩынтә аҵаа аурсыр ҟалом", - ҳәа агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи рыҟәша аиҳабы Ахра Аџьба иажәақәа аанагоит аусбарҭа.
Спутник Лайт вакцина от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Акоронавирус аҟынтә даҽа партиак алаҵа Аԥсныҟа иааргеит
Аҟәа иаартыз алаҵаҟаҵарҭақәа зегьы уаанӡеиԥш аус рулоит: Ақалақьтә клиникатә хәшәтәырҭа, Аҟәатәи аполиклиника №1, аполиклиника №3 (Синоп), Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы игылоу амшынуаа рполиклиника, Аҟәатәи араионтә поликлиника. 
Араионқәа рҿы инхо алаҵаҟаҵара зҭаху ауааԥсыра араионтә хәшәтәырҭақәа ирыдҵаалароуп. Убри аан урҭ алаҵаҟаҵара иахысыр рылшоит ашәҟәы иахьҭаҩу аҭыԥ аҿы, иахьынхо акәымкәа. Алаҵаҟаҵара аԥхьа ауаҩы итәылауаҩшәҟәы дирбароуп, анкета хаирҭәаароуп, атерапевт иҽиирбароуп.
Алаҵа "Спутник Лайт" хә-нызқь доза Аԥсныҟа иааган нанҳәа 6 рзы ахәылбыҽхы. Ари апартиа аахәареи Аԥсныҟа аашьҭра аиҿкаареи ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
Ажәабжьқәа зегьы
0