Аԥсуа курорт цәыббрамзазы аекскурсиақәа ахьымҩаԥугаша иреиӷьу хԥа ирықәшәеит

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Амаҵзура TVIL.RU иалнакааит цәыббрамзазы атуристцәа еиҳа еиӷьаршьо аҭыԥқәа.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Гагра еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа ирыҵанакит амшын аҭалара адагьы аныҟәарақәа ахьалшахо аҭыԥқәа рыбжьара ҳәа аҩуеит TVIL.RU.
Иара убас асиа ианылеит Иалтеи Шәачеи. Ҭагалан алагамҭаз атуристцәа аекскурсиақәа рзы иалырхуеит: Санкт-Петербург, Кисловодск, Ростов-на-Дону, Лахденпохиа, Калининград, Осташков, Казань.
Амаҵзура астатистика ала атуристцәа цәыббрамзазы иаҿарҵоит 1-10 уахы аангылараз, иазыхиоуп 1,7 - 5,5 нызқь мааҭ уахык аныхразы. Ахәқәа еиҳа имариоуп Кисловодск, иҳаракуп — Осташков.
Аекскурсиақәа рзы еиҳа иргәаԥхо ақалақьқәа:
Иалта 3546 нызқь мааҭ 9 у/ҽ
Шәача 2256 нызқь мааҭ 10 у/ҽ
Гагра 1969, 5 нызқь мааҭ 10 у/ҽ
Санкт-Петербург 2675 нызқь мааҭ 7 у/ҽ
Кисловодск 1666 нызқь мааҭ 10 у/ҽ
Ростов-на-Дону 2249 нызқь мааҭ уахык
Лахденпохиа 5897 нызқь мааҭ 7 у/ҽ
Калининград 1739 нызқь мааҭ 7 у/ҽ
Осташков 5515 нызқь мааҭ 6,5 у
Казань 1743 нызқь мааҭ 5 уахык
Асиа шьақәыргылоуп аԥсшьараз заанаҵтәи аҭыԥҿаҵарақәа рышьаҭала.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
 
Ажәабжьқәа зегьы
0