Аҟәа ашҭақәа руак Зураб Ачба ихьӡ ахырҵеит

© Sputnik Администрация города Сухум
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2021
Анапаҵаҩра
Ахәаша нанҳәа 13 рзы имҩаԥысит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба дызлахәыз Аҟәатәи ақалақьтә еизара изаамҭанытәим аилатәара. 
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа еицҿакны рыбжьы рҭиит Ақырҭааи Џьелиеи (уаанӡатәи Челиускинаа рымҩа - аред.) рыбжьара иҟоу ашҭа Зураб Ачба ихьӡ ахҵазарц, уи аҭыԥ иацәыхарамкәаноуп иара дахьҭадырхазгьы. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит. 
Еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, аиурист, Апарламент актәи ааԥхьара адепутат, Аԥсны Аконституциа авторцәа руаӡәк Зураб Ачба ихьӡ анаунагӡатәразы аҳҭнықалақь адепутатцәа рахь ажәалагала ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.
"Зураб Ачба дахьыҟазаалакгьы ҳаԥсадгьыл аинтересқәа ихьчон, аԥсуаа рҿахәы иҳәон. Иара ҳаӷацәа ирҿаиргылоз аҭоурыхтә фактқәа ирҿадырхьуаз рымамызт, иашьаҳауан. Уи зыбзоураз иара илаз адырреи ииашареи ракәын. Сара акырынтә иара ихаҭа сиацәажәахьан, игәы иҭаз аилкаара сазҿлымҳан. Убас иҟан иара аус ицызуаз зегьы. Иахьа ишәыдызгалаз азҵаара гәыкала сазнеит", - иҳәеит Беслан Ешба. 
2021 шықәсазы 21 шықәса ҵуеит Зураб Ачба дҭадырхеижьҭеи. Иара ишьҭахь ала иеихсит нанҳәа 15 2000 шықәсазы аҟәатәи 14-тәи ашкол азааигәара. Ауашьра ҟазҵази уи еиҿызкаази рхаҭарақәа макьана ишьақәыргылам. Ачба ишьра амш аламҭаз аҳҭнықалақь ахадара иадҵаалеит ауаажәларратә усзуҩцәа, урҭ рахьтә аилатәараҿы иҟан Агуманитартә программақәа рцентр аиҳабы Арда Иналԥҳа, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Асида Шьаҟрылԥҳа, афонд "Амшра" ацхантәаҩы Аида Ладариаԥҳа. 
Депутаты Зураб Ачба и Сергей Шамба на пресс-конференции. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2018
Акаԥҳа Зураб Ачба изкны: ақырҭцәа иабалак анырҳәоз рҿаԥҽра бзиаӡаны илшон
Зураб Ачба дыргәаларшәо, дара иазгәарҭеит уи ауаҩ ихаҭара ҳтәыла аҭоурых аҿы аҵак ду шамоу, уи еизҳауа аҿар рзы ҿырԥшыс дыҟазар шакәу, убри азы ашҭоума, амҩоума ма паркума уи ихьӡ ахҵара иабзоураны уи дзакәу аилкаара рҭаххарц азы даҽа шьаҿак ҟаҳҵеит ауп иаанаго рҳәеит дара. 
"Ари иҩыза ауаҩы дахьаҳцәыӡыз ирыцҳара дуӡӡоуп. Уи иахьа дҳалагылазҭгьы Аԥсны даҽакала иҟалон, азинтә ҳәынҭқарра еиҳа имарианы иҳаргылон. Аха дрымшьыр рымуит, уи ишьрагьы иахьа уажәраанӡа иҭҵаам. Иара иикьыԥхьхьаз астатиақәа иахьагьы актуалра рыҵоуп, реиҭаҭыжьра иаҿуп", - лҳәеит Агуманитартә программақәа рцентр аиҳабы Арда Иналԥҳа.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа иазгәарҭеит аԥхьаҟа еицырдыруа азинхьчаҩ дахьынхоз аҩны аҭӡаҿы агәаларшәагатә ӷәы шкыдҵатәу. Адепутат Виктор Акуциа иакәзар, иҳәеит амҩақәа реихысырҭа акәымкәа, амҩагьы Зураб Ачба ихьӡ ахҵазар шалшоз.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ԥлиаԥҳа Зураб Ачба изы: иагьа еилаԥаҭазаргьы аус, ауаҩы ихьчара илшон
Ажәабжьқәа зегьы
0