https://sputnik-abkhazia.info/20210817/Ayanti-aaglykhy-adgylara-iarazy-Agara-ayankhamat-armyka-aadyrtit-1033053434.html
Аҭыԥантәи ааглыхҩы адгылара иҭаразы Аҽгәара ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аадыртит
Аҭыԥантәи ааглыхҩы адгылара иҭаразы Аҽгәара ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аадыртит
Sputnik Аҧсны
Аҽгәаратәи аџьармыкьа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азыԥхьагәаҭахоит иара мызктәи аусура аихшьаалақәа рыла. 17.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-17T15:45+0300
2021-08-17T15:45+0300
2021-08-17T15:48+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/11/1033052851_0:547:1013:1119_1920x0_80_0_0_5ab86a3c01695601481c38054d6aa962.jpg
АҞӘА, нанҳәа 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭыԥантәи ааглыхҩы адгылара иҭаразы Аҽгәара ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аадыртит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араионтә еизара адепутат Григори Лацәышба."Ақыҭаҿ аалыҵ аҭираз ауадаҩра ыҟоуижьҭеи акырҵуиет. Аџьармыкьа аартрагьы иазхәыцуеижьҭеи акрааҵуан, аха азҵаара ӡбамкәа иҟан. Ҳара ақыҭауаа еизаҳган ҳразҵааит ари аус рҭаху ирҭахыму. Дара ирҳәеит аҭахра адагьы ацхыраарагьы шҳарҭо", - иҳәеит иара.Абас дареи ҳареи ҳаивагыланы еиҿаҳкааит. Аҽгәареи ааигәатәи ақыҭақәеи рҿы инхо ауааԥсыра арахь раалыҵ ааганы ирҭилар рылшоит ақьыра ахәԥса мшәакәа."Иахьа аџьармыкьа аԥхьатәи амш ауп. Шьыжьнаҵы ахшаалыҵ ҭиуп, акарпыжә, ашьынка, ауҭраҭых зҳәаз еиԥш, анхаҩы имоу ииуеит. Егьырҭ аџьармыкьа дуқәа рҿы аасҭа 30-40% рыхәқәа еиҵоуп. Иаҳҳәап апатырџьан 25 мааҭ иаԥсоуп", - иҳәеит Лацәышба.Аҽгәаратәи аџьармыкьа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азыԥхьагәаҭахоит иара мызктәи аусура аихшьаалақәа рыла. Аус аулоит галтәи аџьармыкьа аус анамуа амшқәа рзы. Аалыҵ аҭыԥантәи ауааԥсыреи Очамчыра, Тҟәарчал, Гал инхо реиԥш, атуристцәагьы иаархәалоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/11/1033052851_0:515:1013:1151_1920x0_80_0_0_e567aa8101ac271f84d6377eaa5c5d83.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аҭыԥантәи ааглыхҩы адгылара иҭаразы Аҽгәара ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аадыртит
15:45 17.08.2021 (ирҿыцуп: 15:48 17.08.2021) Аҽгәаратәи аџьармыкьа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азыԥхьагәаҭахоит иара мызктәи аусура аихшьаалақәа рыла.
АҞӘА, нанҳәа 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭыԥантәи ааглыхҩы адгылара иҭаразы Аҽгәара ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аадыртит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араионтә еизара адепутат Григори Лацәышба.
"Ақыҭаҿ аалыҵ аҭираз ауадаҩра ыҟоуижьҭеи акырҵуиет. Аџьармыкьа аартрагьы иазхәыцуеижьҭеи акрааҵуан, аха азҵаара ӡбамкәа иҟан. Ҳара ақыҭауаа еизаҳган ҳразҵааит ари аус рҭаху ирҭахыму. Дара ирҳәеит аҭахра адагьы ацхыраарагьы шҳарҭо", - иҳәеит иара.
Абас дареи ҳареи ҳаивагыланы еиҿаҳкааит. Аҽгәареи ааигәатәи ақыҭақәеи рҿы инхо ауааԥсыра арахь раалыҵ ааганы ирҭилар рылшоит ақьыра ахәԥса мшәакәа.
"Иахьа аџьармыкьа аԥхьатәи амш ауп. Шьыжьнаҵы ахшаалыҵ ҭиуп, акарпыжә, ашьынка, ауҭраҭых зҳәаз еиԥш, анхаҩы имоу ииуеит. Егьырҭ аџьармыкьа дуқәа рҿы аасҭа 30-40% рыхәқәа еиҵоуп. Иаҳҳәап апатырџьан 25 мааҭ иаԥсоуп", - иҳәеит Лацәышба.
Аҽгәаратәи аџьармыкьа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азыԥхьагәаҭахоит иара мызктәи аусура аихшьаалақәа рыла. Аус аулоит галтәи аџьармыкьа аус анамуа амшқәа рзы. Аалыҵ аҭыԥантәи ауааԥсыреи Очамчыра, Тҟәарчал, Гал инхо реиԥш, атуристцәагьы иаархәалоит.