Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысит

© Sputnik / Томас ТхайцукВоенные госпиталь покидает Абхазию
Военные госпиталь покидает Абхазию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә Буденновск ақалақь аҟынтә Аԥсныҟа амҩа иқәлеит нанҳәа 16 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысны Аҟәаҟа амҩа иқәлеит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
100 иара-ҭыԥ змоу амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәнаҵеит аҿкчымазара змоу рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы игылоит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭуа хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. Амобилтә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә Буденновск ақалақь аҟынтә Аԥсныҟа амҩа иқәлеит нанҳәа 16 рзы.
Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны зыԥсы зшьо асасцәеи амобилтә госпиталь аҳақьымцәеи хаз-хазы иҟазаауеит, уи азы аанда ҟаҵоуп. Иара убас амобилтә машьынақәеи, атехника ҷыдеи аргыларҭа азы хаз игоу амҩа азылхуп.
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь адәынтәи амедицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу рыхәшәтәра иазырхоуп. 
Араҟа ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь. 2021 шықәса хәажәкыра 1 азы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит. Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0