Аӡбарҭаҿы Аҟәа аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьразы ашаҳаҭцәа ҩаԥхьа рҿахәы рҿырхит

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Анапаҵаҩра
2019 шықәса абҵара 22 азы Аҟәа иҟалаз хҩык ауаа рышьра рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.
АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik. Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы хынтәтәи ауаҩшьразы аусӡбара иацҵан нанҳәа 17 азы ашаҳаҭцәа рҿахәҿыхрала.
Здание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хҩык ауаа рышьразы аус ахәаԥшра ҩымчыбжь иахнагеит
Уаанӡатәи аӡбарҭа аилатәараан ишьақәыргылан зус рыӡбо Ерик Ҷкадуа иаб иашҭаҿы иӷьычыз амашьынақәа ҩба шырыԥшааз. Руак Ерик иаб игараж иҭагылан, аҩбатәи – уаҩ иитәым агараж аҿы иԥшаан.
Аӡбарҭа аилатәарахь инеит автомашьынақәа рыԥшәмацәа – Даҭа Басариа, Џьамал Цаава. Басариа иҳәеит имашьына анырӷьычыз амш азы иҭаацәеи иареи ақьафурҭа "Аиҭар" аҿы иштәаз. Аҩныҟа даныхынҳә, амашьына ашҭаҿы иширгылаз. Ашьыжь данааԥш, амашьына ыҟаӡамызт.
Даҭа Басариа иавтомашьына Лексус-470 ауха ацаԥха шаҿаз ихашҭны инижьит Араион ҿыц аҿы. Амашьына аԥшааразы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь дмашшит, ихатәы мчала иԥшаарц далагеит. Амашьына шырыԥшааз азы азинхьчаратә усбарҭақәа рҟынтә адырра иоуит.
Џьамал Цаава имашьына Мерседес-210 2017 шықәса абҵарамзазы ирӷьычит Гагра араион ахатәыҩны ашҭаҟынтә.
"Ашҭаҿ амашьына сыргылеит. Ашәҟәқәеи ацаԥхеи амашьына иҭан. Ацәара сгәы иҭамызт, аха адиван сахьнықәиаз самхацәеит. Ашьыжь асааҭ 6 рзы Шәачаҟа сцар акәын. Санааԥш, амашьына ыҟаӡамызт", - ҳәа иҳәеит иара.
Даҭа Басариа иеиԥш иаргьы амилициа рахь дмашшит. Амашьына рӷьычит ҳәа иақәимҵеит, иҩызцәак аланеиааирц иргаз џьишьеит. Амашьына шырыԥшааз иаргьы азинхьчаҩцәа рҟынтә иаҳаит. Џьамал Цаава имашьына иҭиит, Басариа уажәыгьы имоуп.
Анаҩс аӡбаҩцәа рзыӡырҩит Цаавеи Басариеи рыҳәсақәа – Мариа Холодова, Кристина Стриевскаиа. Урҭ рхацәа ирҳәаз шьақәдырӷәӷәеит.
Анаҩс илазҵааит ашаҳаҭ Стелла Арӡынԥҳа, Даҭа Басариа ианхәа. Зус рыӡбои бареи шәеибадыруама ҳәа ианлазҵаа илҳәеит Ерик Чкадуа дшылдыруа.
Ашаҳаҭ Руслан Езыгәбаиа Ерик Чкадуа иҭаацәа дреиуоуп. Иҳәеит зус рыӡбо гәыла бзианы дшиԥхьаӡо. 2019 шықәса мшаԥымза абри амш азы иара агәылаԥҳәыс лымшираҿы дыҟан.
Обстановка у Верховного суда - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы хҩык рышьра аганахьала аусӡбара иалагеит
"Адәахьы ауаҟьанчаҟьан ҳаҳаит. Ҳдәылҵит. Амилициа, ауаа рацәа ыҟан. Аамҭа сызшәаҳәом. Хҩык амилициа срыманы ицеит. Ишаанӡа амилициа рҿы сыҟан", - иҳәеит иара.
Ахарадҵаратә ган ахаҭарнак дизҵааит иашьа Омар Езыгәбаиа дабаҟоу ҳәа.
"Уи игәамбзиара иахҟьаны Краснодар дыҟоуп", - иҳәеит Езыгәбаиа.
Аӡбарҭаҿы аҭагылазаашьа еибарххеит иҭахаз Шамба идукат Инга Габилаиаԥҳа Адгәыр Цкәуа данизҵаа ашьҭахь. Адукат Инга Габилаиаԥҳа ашаҳаҭ Руслан Езыгәбаиа дизҵааит ари ауаҩ дудыруама ҳәа. Иара иҳәеит дышиуоу, аха зус рыӡбоз рдукатцәа ари аус иаҵанакуам ҳәа иқәгылеит. Габилаиаԥҳа илҳәеит ишаҵанакуа. Аӡбаҩ азҵаара ықәимгеит, аха аганқәа ажәеимдара иалагеит.
Анаҩс аилатәара иацҵан. Иаԥхьан ашаҳаҭ Езыгәбаиа уаанӡа ииҳәахьаз – Иури Ҷкадуа агараж шааиртуаз шибаз, уа амашьына еиқәа шҭагылаз атәы. Аҿахә аҵаҟа анапынҵамҭа иара ишитәу дақәшаҳаҭхеит Езыгәбаиа.
Аха иҳәеит уи аҽны ибласаркьақәа ахьимамыз азы атекст дшамыԥхьаз.
Аӡбарҭа аилатәара нанҳәа 24 азы иацҵахоит.
2019 шықәса абҵара 22 асааҭ 14:43 рзы Аҟәатәи аресторан "Сан-Ремо" аҿаԥхьа асабрадақәа зҿаз хҩык ауаа ахысра иалагеит. Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыԥсҭазаара иалҵит. Урҭ рынахысгьы, ԥхынҷкәын 3 азы ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит ахәра зауз ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.
Апрокуратура хада адыррала, 2019 шықәса абҵара 22 азы акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьреи Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.
Иара убасгьы ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.
2019 шықәса ԥхынҷкәын 2 азы Апарламент аҿы абжьыҭира ашьҭахь рмаҵурақәа ирымххеит апрокурор хада Зураб Ачба, ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба, ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов.
Ажәабжьқәа зегьы
0