Урыстәылатәи арратә госпиталь Аҟәаҟа иааит аҿкы змоу рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы

© Sputnik / Леон Адлейба Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҿкчымазара змоу рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы Аԥсныҟа иааз амобилтә госпиталь апансионат "Аиҭар" аҵакырахь иҭалеит.
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аҟәаҟа иааит, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Военные госпиталь покидает Абхазию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭуа хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы игылоит. Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны зыԥсы зшьо асасцәеи амобилтә госпиталь аҳақьымцәеи хаз-хазы иҟазаауеит, уи азы аанда ҟаҵоуп. Иара убас амобилтә машьынақәеи, атехника ҷыдеи аргыларҭа азы хаз игоу амҩа азылхуп. Амобилтә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә Буденновск ақалақь аҟынтә Аԥсныҟа амҩа иқәлеит нанҳәа 16 рзы.
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.
Иара убас амобилтә гспиталь иацны Аԥсныҟа иааит 10 автомашьынаки 30-ҩык аҟазауааи рыла еиҿкаау Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа. Дара ауаажәларратә хыбрақәа рырзҩыдара мҩаԥыргараны иҟоуп.
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь. 2021 шықәса хәажәкыра 1 азы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит. Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0