https://sputnik-abkhazia.info/20210902/Asny-agabziarakhchara-aministr-Aa-iou-amobilt-gospital-daaait-1033139941.html
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь даҭааит
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь даҭааит
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ауразы нанҳәа 18 рзы. 02.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-02T13:55+0300
2021-09-02T13:55+0300
2021-11-18T17:24+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/12/1033061088_0:273:2600:1736_1920x0_80_0_0_a4b9c0e48aadd3acd32171d2f61682b2.jpg
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба амобилтә госпиталь даҭааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡбеи, агоспиталь аиҳабы Абдулмеџьиҭ Магомедови иареи аусутә зҵаарақәа акыр ирылацәажәеит."Еиԥҟьара ҳәа акгьы ыҟам. Апациентцәа ианаамҭоу иахәҭоу амедицинатә цхыраара роуеит. Афатә-ажәтә азы проблема ыҟам, аӡы шҳамац иҳамоуп", - иҳәеит Магомедов.Иара иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа шыуадаҩу, аха ахылаԥшра ауҭартә ишыҟоу. Цәыббра 1 азтәи адыррала, агоспиталь 78 пациент ҭоуп, жәаҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Есыҽны бжьаратәла 10-ҩык рыдыркылоит.Едурад Быҭәба иҳәеит аусбарҭеи агоспитальи шеиныруа аиҿкааратә зҵаарақәа рганахьала.Аминистр "азона ҟаԥшь" даҭаан апациентцәа ргәабзиара дазҵааит. Амобилтә госпиталь аколлектив ҭабуп ҳәа реиҳәеит COVID-19 змоу ауаа рыхәышәтәразы иҟарҵо азы.
https://sputnik-abkhazia.info/20210827/Daa-ya-zgabziara-shazargylaz-amobilt-gospital-aynti-ilryaait--1033112863.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/12/1033061088_285:0:2600:1736_1920x0_80_0_0_01cb5b83fcfe46b098dc4b3961c26d6b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
аԥсны, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь даҭааит
13:55 02.09.2021 (ирҿыцуп: 17:24 18.11.2021) Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ауразы нанҳәа 18 рзы.
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба амобилтә госпиталь даҭааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡбеи, агоспиталь аиҳабы Абдулмеџьиҭ Магомедови иареи аусутә зҵаарақәа акыр ирылацәажәеит.
"Еиԥҟьара ҳәа акгьы ыҟам. Апациентцәа ианаамҭоу иахәҭоу амедицинатә цхыраара роуеит. Афатә-ажәтә азы проблема ыҟам, аӡы шҳамац иҳамоуп", - иҳәеит Магомедов.
Иара иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа шыуадаҩу, аха ахылаԥшра ауҭартә ишыҟоу. Цәыббра 1 азтәи адыррала, агоспиталь 78 пациент ҭоуп, жәаҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Есыҽны бжьаратәла 10-ҩык рыдыркылоит.
"Ачымазцәа реиҳараҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Астационартә хәышәтәра иахысхьеит 48 пациент", - иҳәеит Магомедов.
Едурад Быҭәба иҳәеит аусбарҭеи агоспитальи шеиныруа аиҿкааратә зҵаарақәа рганахьала.
Аминистр "азона ҟаԥшь" даҭаан апациентцәа ргәабзиара дазҵааит. Амобилтә госпиталь аколлектив ҭабуп ҳәа реиҳәеит COVID-19 змоу ауаа рыхәышәтәразы иҟарҵо азы.