Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла амедиаклуб "Формат-А3" иапартниорхеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота радиостанции "Голос России"
Работа радиостанции Голос России - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи Жәларбжьаратәи амедиаклуб "Формат-А3" рыпроектқәа реицымҩаԥгара иалагоит сынтәа, цәыббрамзазы.
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла амедиаклуб "Формат-А3"иапартниорхеит ҳәа аанацҳауеит аиҿкаара асаит.
Ари амедиаклуб аԥырҵеит "Комсомольскаиа правдеи"  ВГТРКеи ржурналистцәа 2009 шықәсазы.
2010 шықәса аахыс "Формат-А3" имҩаԥнагоит аинтеллектуалтә еиԥыларақәа Таллин, Рига, Вильнюс, Кишиниов, Минск ақалақьқәа рҿы. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла  амедиаклуб "Формат-А3"ианапартниорха ашьҭахь аиԥыларақәа мҩаԥысуеит Аԥсынгьы.
"Амедиаклуб аусура азырхоуп ажурналисттә еилазаараҿы еиҳа еиӷьны аилибакаара алыршара. Аҵак ду амоуп аҭыԥ аҟынтәи ахҭыс азы аобиективтә информациа аимдара. Апроект иалнаршоит аԥсуа журналистцәеи урыстәылатәи аинтеллектуалтә елитеи реинырра, аспикерцәа  Урыстәыла, Аԥсны, адунеи зегь аҿы иҟоу ахҭысқәа рзы азҵаарақәа рыҭара, агәаанагарақәа реимдара", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.
Експертцәақәак раҳасабала Аԥсны аҭаара иазыхиоуп еицырдыруа ажурналистцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аполитологцәа, аекономистцәа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0