Аԥсны аргыларақәеи ахыбрақәеи арзҩыдарақәа рызуп

© Sputnik / Томас ТхайцукХимическая обработка объектов
Химическая обработка объектов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Анапаҵаҩра
Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, асанитар- епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәраз ацхыраара аҟаҵаразы.
АҞӘА, цәыббра 6- Sputnik. Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа аҟазауаа Аԥсны арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит 60 инарзынаԥшуа аргыларақәеи ахыбрақәеи рыҟны, абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
Арзҩыдарақәа мҩаԥган Гәдоуҭеи Аҟәеи рҟны: ахәшәтәырҭақәа, арранаԥхьаратә ҭыԥқәа, Аԥсны атәылахьчара аминистрра архив, аџьармыкьа хадақәа уҳәа егьырҭ аргыларақәеи ахыбрақәеи рҿы.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь 70-ҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа аднакылахьеит
Зынӡа иааидкыланы арзҩыдара иахыжьуп 54 нызқь метр ԥшьыркца.
10 автомашьынаки 30-ҩык аҟазауааи, астанциақәа АРС-14М, арԥхага машьынақәа ТМС-65У, автономтә хархәагақәа, адезактивациеи адезинфекциеи ртехника ДКВ-1К рыла еиҿкаау Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа реишьҭагыла Ҟрымтәи адгьылбжьахаҟынтәи Аԥсныҟа иааит. Аладатәи Арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны аҟазауааи рыцырхырааны асоциалтә хыбрақәа аус рыдырулалоит.
Уаанӡа, 2020 шықәса мшаԥымзеи жьҭаарамзеи рзы Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы ацхыраара ҟанаҵахьан.
Ажәабжьқәа зегьы
0