Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аадыртуеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур президентских выборов в Абхазии
Второй тур президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭара мҩаԥысуеит 2021 шықәса рзы Урыстәыла ААК ақәҵара инақәыршәаны.
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аадыртуеит.
Мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартхоит Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Аҟәа ашколқәа №10, №5 рҿы иаартхоит, Гагра – Акультура ахан аҿы, Пицунда – Акультура ахан аҿы.
Гәдоуҭа араион аҿы абжьыҭара мҩаԥысуеит абжьаратә школ №2, Бамборатәи ашкол аҿи.
Очамчыра – ашкол №2 ахыбраҿ, Тҟәарчал – Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Акультура ахан аҿы, Гал – Акультура ахан аҿы.
Абжьыҭаратә ҭыԥқәа аартуп асааҭ 8:00 - 20:00 рзы.
Флаг на здании Государственной Думы РФ на улице Охотный Ряд в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Цәыббра 19 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥысуеит
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭаратә ҭыԥқәа еиҿкаан 2011, 2016 шықәсқәа раантәи алхрақәа раан. 2016 шықәсазы абжьыҭара рхы аладырхәит 20 000-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 75% апартиа "Иаку Урыстәыла" азы рыбжьы рҭиит.
2018 шықәсазы ареспубликаҿ имҩаԥысит Урыстәыла ахада иалхразы абжьыҭарақәа. Владимир Путин изы рыбжьы рҭиит 94,1% ма 39 427-ҩык.
Аҳәынҭқарратә Дума захьӡу аорган раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 1905 шықәсазы. 1917 шықәсазы Февральтәи ареволиуциа ашьҭахь еимырпын.
Асовет аамҭазы азакәанԥҵаратә орган анапынҵақәа нанагӡон СССР Иреиҳаӡоу асовет, анаҩс – РСФСР Иреиҳаӡоу асовет. 1993 шықәсазы СССР анеилаҳа ашьҭахь Борис Ельцин идҵала Иреиҳаӡоу асовет еимырпын. Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥган ԥхынҷкәын 12, 1993 шықәсазы.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа хәышықәса аҿҳәара рыманы иалырхуеит еилаԥсоу асистемала: 225-ҩык адепутатцәа апартиатә сиақәа рыла, даҽа 225-ҩык – мандатктәи аокругқәа рҟынтәи.
Сынтәа Афедералтә сиақәа ирнуп 14 партиа: КПРФ, "Зеленые", ЛДПР, "Новые люди", "Единая Россия", "Справедливая Россия - За Правду", "Яблоко", "Партия Роста, Российская партия свободы и справедливости", "Коммунисты России", "Гражданская платформа", "Зеленая альтернатива", "Родина", "Партия пенсионеров".
Ажәабжьқәа зегьы
0