Бжьаниа: ҳара иҳалшеит Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русура арӷәӷәара

© Sputnik / Томас ТхайцукПК Аслана Бжания
ПК Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциа мҩаԥигоит Аҟәа аҩаша цәыббра 21 рзы.
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит иара атәыла ахадас дыҟоуижьҭеи азинхьчаратә усбарҭақәа русура арӷәӷәара алыршахеит ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара иагхеит. Еиҳа иӷәӷәоу ацәгьоурақәа маҷхеит, урҭ раарԥшрақәагьы еиҳахеит. Уи адагьы, аҳәынҭқарратә мазара аимҵәаразы ашьаусқәа хацыркуп.
Аҩнытә рбаандаҩра аӡбахә ҳәо, ахада иазгәеиҭеит уи зцәазтәым аҳәса рганахьала мацара шакәу иахьныжьтәу, избанзар ацәгьоурақәа ирызгагоу ауаа аҩнытә рбаандаҩра рхы иархәаны ҩаԥхьа азакәан еиларгоит. 
Аҟәа асааҭ 12:00 рзы Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа иалагеит. АИХқәа рхаҭарнакцәа аԥсшәа раҳәо, иара иазгәеиҭеит ианеиҵаха ҩ-сааҭк рыҩнуҵҟа ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара дшазыхиоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0