Аԥсны Аиқәшаҳаҭра азнархиеит еиҳа ирмарианы Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСотрудница ФГУП "Гознак" проверяет качество готовых биометрических заграничных паспортов граждан РФ
Сотрудница ФГУП Гознак проверяет качество готовых биометрических заграничных паспортов граждан РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵарыҩраны иҟоуп ҩ-тәылауаҩрак раиуразы аиқәшаҳаҭра, Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра аиура еиҳа ирмарианы рзымҩаԥгара алзыршо.
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Аԥсны иазнархиеит, урыстәылатәи агангьы ақәшаҳаҭхеит ҩ-тәылауаҩрак раиуразы аиқәшаҳаҭра апроект, Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра аиура еиҳа ирмарианы рзымҩаԥгара алзыршо. Абри атәы иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа цәыббра 21 азы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы.
Иара иазгәеиҭеит нанҳәа 25 рзы инапы аҵаҩны урыстәылатәи аган ишазынаишьҭыз аусԥҟа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак раиура азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы.
"Шықәсык аҭаххеит ари азҵаара аӡбара. Аиқәшаҳаҭра иалнаршоит еиҳа ирмарианы Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩра роуа аҟаҵара. Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы адокументқәа иаҭаху реиқәыԥхьаӡеи уи аԥҟареи ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада иусԥҟа ашьҭахь", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Ҩ-тәылауаҩрак раиуразы Аиқәшаҳаҭра аус адуларазы апункт азԥхьагәаҭоуп Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реиуаныршәара ашьаҭала иаку асоциалтәи аекономикатәи ҵакыра аиҿкаара Апрограммаҿы.
Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Sputnik иазеиҭанаҳәахьан урыстәылатәи аган Аԥсны ауааԥсыра еиҳа имариоу апроцедурала Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыҭаразы рхыдҵақәа шынарыгӡо, атәылақәа рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазааразы Аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩхалак.
Хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рырҭо иалагеит 2002 шықәсазы урыстәылатәи атәылауаҩразы азакәан ариашарақәа аналагалаха ашьҭахь. Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иажәақәа рыла, Аԥсны 80 процент ауааԥсыра ма 196 нызқьҩык Урыстәыла атәылауаҩра рымоуп.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь.
Ажәабжьқәа зегьы
0