Аетнопарк "Аԥсны" аҿы имҩаԥысуаз ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль хыркәшоуп

© Sputnik / Бадри Есиава Фестиваль кузнецов-оружейников в селе Мгудзырхуа
Фестиваль кузнецов-оружейников в селе Мгудзырхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2021
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль "Аихамца" иалахәын Аԥснытәи аҟазацәа 20-ҩык, иара убас Урыстәылеи, Белоруссиеи рҟазацәа.
ГӘДОУҬА, цәыббра 26- Sputnik. Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнопарк "Аԥсны" аҿы имҩаԥысуаз ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа раԥхьатәи рфестиваль "Аихамца" хыркәшоуп, абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент. 
Ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль Аԥсны раԥхьаӡа акәны еиҿыркааит. Иара мҩаԥысуан хымш аетнопарк "Аԥсны" аҿы. Уи рхы аладырхәырц иааит аҭыԥантәиқәа рыдагьы, Иакутиа, Брест, Белгород, Маиҟәаԥ ақалақьқәа рҟынтәи аҟазацәагьы. 
Зегь реиҳа иқәыԥшу афестиваль алахәыла Шамиль Апба даацытәиуп. Иара 14 шықәса ихыҵуеит. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2021
Рнапала игәырӷьоит: ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа мгәыӡырхәатәи рфестиваль "Аихамца"
Афестиваль аиҿкааҩцәа руаӡәк, Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа рхеилак аиҳабы Ҭеимыр Ӡиӡариа иажәақәа рыла, афестиваль ахықәкы нанагӡеит.
"Ҳхықәкы наҳагӡеит. Ихадаратәу иҵхны илбааргаз амаден ауп, уи аихамаҭәа алырхуан афрынақәа рҟны: ажәытәан ишыҟарҵалоз еиԥш ахәы зқәу ацәала, егьи афымцала. Иазгәасҭарц сҭахуп еиҳа ишҳақәҿиааз ажәытәтәи аметод", - иҳәеит иара.
Ӡиӡариа иҳәеит, иҟарҵаз аихамаҭәа аҭҵаарақәа ирхысырц Москаҟа ишышьҭыз. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны еилкаахоит аиха ахаҭабзиара зеиԥшроу. 
Ӡиӡариа иажәақәа рыла, аетнопарк "Аԥсны" анапхгара ари афестиваль есышықәса амҩаԥгара иазыразуп.
Афестиваль ахыркәшымҭаз аҟазацәа рнапкымҭақәа ӡырыргеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан: аԥсуа ҳәызба, аибашьыгатә еиха, аҟамақәа, аҳәа.
Аетнопарк "Аԥсны" аиҳабыра рыхьӡала афестиваль алахәылацәеи, аиҿкааҩцәеи иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0