Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит

© Sputnik / Марианна Кубрава Памятник погибшим сотрудникам открыли в Государственном таможенном комитете
Памятник погибшим сотрудникам открыли в Государственном таможенном комитете - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса ҵит. 1991 шықәса цәыббра 27 аҽны Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба иқәҵарала иаԥҵан аҳазалхратә усбарҭа.
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилак аҿы рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз аусзуҩцәа рбаҟа аадыртит.
"Ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа, ҳасасцәа, цәыббра 27 акрызҵазкуа рыцхәуп: Аҟәа ахақәиҭтәра иамшуп, уи адагьы Аҳазалхҩцәа рзанааҭтә ныҳәамшуп", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилак ахантәаҩы Оҭар Хьециа.
Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилак аҿы рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз аусзуҩцәа рбаҟа аартра акрызҵазкуа хҭысны дшахәаԥшуа.
"Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазалхратә усбарҭа 30 шықәса ахыҵуеит. Ҳҭоурых аҿы иуадаҩӡаз ашықәсқәа раан аҳазалхырҭа аусзуҩцәа атәыла аҳәаақәа рыхьчон, рмаҵуратә уалԥшьа нарыгӡон. Урҭ зхы ркыз аусқәа иахьа абиԥара ҿыц инарыгӡоит", - ҳәа иҳәеит Хьециа.
Иҭахаз рбаҟа авторс дамоуп – Руслан Габлиа.
© Sputnik / Марианна Кубрава Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит
Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит - Sputnik Аҧсны
1/3
Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит
© Sputnik / Марианна Кубрава Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит
Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит - Sputnik Аҧсны
2/3
Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит
© Sputnik / Марианна Кубрава Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит
Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит - Sputnik Аҧсны
3/3
Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит
1/3
Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит
2/3
Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит
3/3
Аԥсны аҳазалхратә еилак аҿы иҭахаз рбаҟа аадыртит
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аиубилеитә рыцхә рыдиныҳәалеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
"Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы арҭ аамҭақәа зегьы рзы атәыла аекономика рӷәӷәо иахьчоит амилаҭтә интересқәа, аҳәынҭқарра абиуџьет ахарҭәаараҿы ламысцқьала аусура мҩаԥнагоит", - ҳәа иҳәоит ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Бжьаниа иазгәеиҭеит иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа раан аҳазалхырҭа аусзуҩцәа ашәарҭара рхы ҭаргыланы Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауаз адиверсиа-террористтә гәыԥқәа ишырҿагылаз. Аилак аусзуҩцәа ҩажәаҩык инареиҳаны рзанааҭтә уалԥшьа нагӡо иҭахеит, иҳәеит иара.
"Аԥсуа ҳазалхырҭа жәларбжьаратәи аҭахкаарақәеи рыуадаҩрақәеи ирхысит. Иахьатәи аилак жәларбжьаратәи аҭахрақәа, аамҭа ҿыц иақәшәо аусура мҩаԥнагоит", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.
1991 шықәса цәыббра 27 аҽны Владислав Арӡынба зхадараҿы дгылаз Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит ақәҵара аҳазалхратә усбарҭа аартразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0