Аԥсны ахада Аахыҵ Уаԥстәыла атәылахьчара аминистр агәымшәараз аорден ианеишьеит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Аслан Бжания принял участие в торжественном собрании в Минобороны
Аслан Бжания принял участие в торжественном собрании в Минобороны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҟны Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 28 шықәса ахыҵреи Аҟәа ахақәиҭтәра амши разгәаҭаразы аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит.
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистр Ибрагим Гассеева ианеишьеит Агәымшәараз аорден, Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианажәлаз иааирԥшыз афырхаҵараз.
"Ҳаҭыр зқәу Аԥсны ахада, Атәылахьчара аминистр, аҩызцәа. Азин сышәҭ Аиааира амш шәыдысныҳәаларц Аахыҵ Уаԥстәыла ахадеи ажәлари рыхьӡала, ишәзеиӷьасшьарц аҭынчра, ашәҭыкакаҷра, ԥхьаҟатәи амш лаша. Ҳаҭыр зқәу Аԥсны ахада, ари аҳамҭа сара гәадыурала иныҟәызгалоит", - иҳәеит Гассеев.
Анаҩс, Ибрагим Гассеев Атәылахьчара аминистрра агәаларшәагатә ҳамҭақәа аиҭеит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит
"Арҭ амшқәа рзы Аԥсны иқәынхо, милаҭрацәала еилоу ҳажәлар, Аԥсны арбџьар мчқәа рыруаа, ҳаиашьаратә жәларқәа, аҳәаанырцә иҟоу хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора иазгәарҭоит игәырӷьахәу амшныҳәа – 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз Аиааира амш", - иҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа иқәгылараҿы.
"1992 шықәса нанҳәамзазы аԥсуа жәлар мцаԥшьла дырхысырц аҳәаа дхыҵны ҳадгьыл ашьа каршуа дықәлеит аӷа. Уи хықәкыс иман аԥсуа ҳәынҭқарра, аԥсуа жәлар, аԥсуа бызшәа шьаҭанкыла рықәгара.
Аамҭа кьаҿк иалагӡаны аӷа импыҵеихалаз ақыҭақәа, ақалақьқәа шьала икәабеит. Аҭынч уааԥсыра ракәзар ақырҭуа фашизм агыгшәыгра зегь рхыргар акәхеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ҳәашьак амамкәа иуадаҩын ашьаӡа-гәаӡа илсны аиааирахь уназгоз амҩа. Ацәыӡ дуқәа, арыцҳарақәа, аԥсыҭбарақәа ирылсны инеиуан ҳажәлар. Шьҭахьҟа хьаҵшьа ыҟамызт, избанзар Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылан, уаҵәтәи аԥеиԥш ахыц иакын, азқьышықәсақәа ирылсны иахьанӡагь иааиз аҭоурых ашәарҭара иҭагылан.
Аха ҳара аиааира ҳамгар алшомызт, избанзар аиашаразы ҳақәԥон, аиашаразы ахымца ҳаҿагылон, аиашаразы ҳаԥсҭазаарақәа ҳреигӡомызт. Аӷа иҭархаразы, игәыхәтәы иахьымгӡаразы рыжәҩа ҳамаданы иҳавагылеит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи ҳашьцәа, Алада Урыстәыла аказақцәа, Асовет еидгыла уаанӡатәи атәылақәа рҟынтәи ҳиашара еилызкааз, аҳәаанырцәтәи адиаспора рхаҭарнакцәа",- ҳәа иҳәеит Ануа.
Аԥсны Атәылахьчара аминистр иӡбарала Аиааира амшныҳәа аламҭалаз аинрал Владимир Ҳаразиа имедал ранашьан арратә прокурор ихаҭыԥуаҩ, аиустициа аподполковник Руслан Лагәлаа, арратә прокурор ихаҭыԥуаҩ, аиустициа амаиор Аслан Инаԥшьба.
Амедал "Аԥсны аҭынчра аиҿкааразы" ланашьан Аштаб хада ашәҟәеиҿкаара аиҳабы Лиана Габуниаԥҳа.
Иара убас, Аԥсны ахада иқәҵарала Атәылахьчара аминистрра афицарцәа жәохә-ҩык аԥаратә ҳамҭақәа ранашьан.
Цәыббра 27 1993 шықәсазы аԥсуа ар Аҟәа агәахьы инеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ "Аминистрцәа реилазаара" ахыбра иахадыргылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0