https://sputnik-abkhazia.info/20210929/Mgyyrkha-ayan-imaysuaz-akhytsuaa-rturnir-aikhshaalaa-aoup-1033306503.html
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысуаз ахыцуаа ртурнир аихшьаалақәа ҟаҵоуп
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысуаз ахыцуаа ртурнир аихшьаалақәа ҟаҵоуп
Sputnik Аҧсны
Аклуб "Афырхы" алахәылацәа ахыци ахәымпали рыла рхысразы аиндаҭлара мҩаԥысуеит аетнопарк "Аԥсны" аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы. 29.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-29T20:55+0300
2021-09-29T20:55+0300
2021-09-29T22:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1d/1033306838_0:114:3072:1852_1920x0_80_0_0_ec8514c4dd2f04d9bb6f2ac98e3eda8e.jpg
ГӘДОУҬА, цәыббра 29- Sputnik, Бадри Есиава. Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы имҩаԥгаз ахыцуаа ртурнир хыркәшахеит цәыббра 29 рзы.Аетнопарк "Аԥсны" аҵакыраҿы иҟоу ахысырҭаҿы имҩаԥысуаз аиндаҭлара иалахәын ахыцуаа рыклуб "Афырхы" алахәылацәа 20-ҩык рҟынӡа, иара убас абзиабаҩцәа.Ахацәа еиндаҭлон ԥшь-дисциплинак рыла: 15 метра инаркны 75 метранӡа ахысра, "аԥсуа цәҟьара" ақәшәара, ахара ахысреи, "аԥсуа цәҟьара" 30 метра инахараны ақәшәареи.Аҳәса-лахәылацәа рзы иҷыдоу адисциплина алагалан – ацәҟьаҟынтә 30 метра бжьаны ахысра.Аицлабра аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ианашьахеит "Афырхы" анапхгаҩы" Адгәыр Какоба, аҩбатәи Елена Лабахәуа, ахԥатәи аҭыԥ никылеит 17 шықәса зхыҵуа Данил Қәышба.75 метр аҟынтәи ацәҟьара ақәыршәаразы далкаахеит Вахтанг Ӷәынџьиа.Аиндаҭлара иалахәыз аӡӷабцәа рыбжьара "ахьы" ланашьахеит Илона Кәыҵниаԥҳа, "араӡны" Амра Аџьынџьал, "аџьаз" - Елена Лабахәуа.Ахысраҿы актәи аҭыԥ игеит Баҭал Џьапуа, итрадициатәу ахыци ахәымпали иара заҵәык иакәын изкыз. Арекорд шьақәиргылеит-210 метра. Аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥ игеит Валери Берзениа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1d/1033306838_0:18:3072:1948_1920x0_80_0_0_26f9ee13f8051d041b1e28460d4b7d56.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысуаз ахыцуаа ртурнир аихшьаалақәа ҟаҵоуп
20:55 29.09.2021 (ирҿыцуп: 22:35 29.09.2021) Аклуб "Афырхы" алахәылацәа ахыци ахәымпали рыла рхысразы аиндаҭлара мҩаԥысуеит аетнопарк "Аԥсны" аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы.
ГӘДОУҬА, цәыббра 29- Sputnik, Бадри Есиава. Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы имҩаԥгаз ахыцуаа ртурнир хыркәшахеит цәыббра 29 рзы.
Аетнопарк "Аԥсны" аҵакыраҿы иҟоу ахысырҭаҿы имҩаԥысуаз аиндаҭлара иалахәын ахыцуаа рыклуб "Афырхы" алахәылацәа 20-ҩык рҟынӡа, иара убас абзиабаҩцәа.
Ахацәа еиндаҭлон ԥшь-дисциплинак рыла: 15 метра инаркны 75 метранӡа ахысра, "аԥсуа цәҟьара" ақәшәара, ахара ахысреи, "аԥсуа цәҟьара" 30 метра инахараны ақәшәареи.
Аҳәса-лахәылацәа рзы иҷыдоу адисциплина алагалан – ацәҟьаҟынтә 30 метра бжьаны ахысра.
Аицлабра аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ианашьахеит "Афырхы" анапхгаҩы" Адгәыр Какоба, аҩбатәи Елена Лабахәуа, ахԥатәи аҭыԥ никылеит 17 шықәса зхыҵуа Данил Қәышба.
75 метр аҟынтәи ацәҟьара ақәыршәаразы далкаахеит Вахтанг Ӷәынџьиа.
Аиндаҭлара иалахәыз аӡӷабцәа рыбжьара "ахьы" ланашьахеит Илона Кәыҵниаԥҳа, "араӡны" Амра Аџьынџьал, "аџьаз" - Елена Лабахәуа.
Ахысраҿы актәи аҭыԥ игеит Баҭал Џьапуа, итрадициатәу ахыци ахәымпали иара заҵәык иакәын изкыз. Арекорд шьақәиргылеит-210 метра. Аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥ игеит Валери Берзениа.