Аӡҩыбжьаа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР адыррақәа рыла, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ахысра далагеит, цыббра 30 ауха. Кокаиа иқыҭауаа аизара мҩаԥыргеит жьҭаара 1 азы.
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аӡҩыбжьа ақыҭауаа Атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, уи ихаҭыԥуааи ԥхьатәара ишьҭырц.
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Аӡҩыбжьаа Ахада иахь ааԥхьара ҟарҵоит адепутати ААР-и рыбжьара иҟалаз аимак иахҟьаны
"Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Д. Дбари, ихаҭыԥуаа Р.Ҵәыџьбеи, Д. Чачхалиеи, егьырҭ амилициа аусзуҩцәеи ҳашьцәеи, ҳкыҭауаа, ҳалхратә ҭыԥ аҟынтә иалху Жәлар Реизара адепутати, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи рганахь ала иаадырԥшыз рхымҩаԥгашьа агәҭынчымра ҳазцәырнагоит", - аҳәоит Аӡҩыбжьа ақыҭа Ахеилак иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа аҿы ишарбоу ала, Аӡҩыбжьа ақыҭауаа Атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, уи ихаҭыԥуааи, иара убас ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәеи ԥхьатәара ишьҭырц. Аԥсны Апрокуратуреи АШәМ-и дҵас ирыҭазарц ахҭыс иалахәыз рганахьала ашьаус хацыркызарц.
Ақыҭа аихабыра, иара убас ааԥхьара ҟарҵеит Жәлар Реизараҿы - Атәыла ахадеи, апрокурор хадеи, АШәМ аиҳабы алархәны аилатәара мҩаԥыргарц, Дмитри Дбар иусзуҩцәеи иареи рхымҩаԥгашьа ахәшьара арҭарц.
"Ҳҳәамҭа хылаԥшра амаиур, ҳара ԥсуаҵас ҳхы мҩаԥаагоит", - рҳәеит ақыҭауаа.
Уажәтәи аамҭазы Апарламент аҿаԥхьа ауаа аизара иаҿуп, Жәлар Реизара адепутатцәа аилатәара амҩаԥгаразы арахь иааиуеит.
Аԥсны ААР апресс-маҵзура ишаҩуа ала, Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа тапанчала хәынтә ажәҩанахь дхысит, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу ақьафурҭа "Rinna" азааигәара. Аԥсны ААР аусзуҩцәа рганахьала Кокаиа имч ихы иаирхәит, абџьар рыҭара мап ацәикит. Уи ашьҭахь адепутати амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аимак ҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Кокаиа аҭыӡшәа ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.
Кокаиа иқыҭауаа аизара мҩаԥыргеит жьҭаара 1 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0