Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аҟәа аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз аимак азы ақәҵара рыдрымкылеит

© SputnikЗаседание Парламента. 01.10.2021
Заседание Парламента. 01.10.2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа тапанчала хәынтә ажәҩанахь дхысит, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу ақьафурҭа "Rinna" азааигәара. Аԥсны ААР аусзуҩцәа абџьар рыҭара мап ацәикит. Уи ашьҭахь адепутати амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аимак ҟалеит.
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik.  Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа цәыббра 30 Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз аимак азы ақәҵара рыдрымкылеит.
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Аӡҩыбжьаа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ԥхьатәара дцарц ааԥхьара ҟарҵеит
Аԥсны ААР апресс-маҵзура ишаҩуа ала, Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа тапанчала хәынтә ажәҩанахь дхысит, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу ақьафурҭа "Rinna" азааигәара. Аԥсны ААР аусзуҩцәа рганахьала Кокаиа имч ихы иаирхәит, абџьар рыҭара мап ацәикит. Уи ашьҭахь адепутати амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аимак ҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Кокаиа аҭыӡшәа ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.
Кокаиа иқыҭауаа аизара мҩаԥыргеит жьҭаара 1 азы. Дара Атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Д. Дбари, уи ихаҭыԥуааи, егьырҭ амилициа аусзуҩцәеи Жәлар Реизара адепутати, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи рганахь ала иаадырԥшыз рхымҩаԥгашьазы ԥхьатәара ишьҭырц.
Жьҭаара 1, асааҭ 17:00 рзы Аԥсны Жәлар Реизара ахыбра аҿаԥхьа еизахьан изаамҭанытәим аилатәара алагара иазыԥшыз 50-ҩык рҟынӡа ауаа. АИХ-қәа рхаҭарнакцәа аамҭала аилатәара аанрыжьырц аҳәара рыҭан.
Аилатәара мҩаԥысуан сааҭк инеиҳаны, ажурналистцәа аламырхәӡакәан.
Ақәҵараҿы иҳәан, Аҩнуҵҟатәи аусқәа аминистрра анапхгара Аԥсны Аконстиутицеи, Аконституциатә закәанқәеи атәыла азакәанқәеи еиларгеит ҳәа, иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи, Жәлар Реизара адепутати рахь амчра аадырԥшит ҳәа. 
Адокумент инақәыршәаны, Апрокурор хадеи АШәМ аиҳабыи рнапы ианҵазарц жьҭаара 7 рҟынӡа иҟалаз ахҭыс азы ашьаусԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргарц, Атәыла ахада Аслан Бжьаниа- ашьаусԥшаара ахьынӡацо Аԥсны АА рминистр Дбари, уи ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьбеи Дадын Чачхалиеи, егьырҭ ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәеи ԥхьатәара ишьҭырц.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аҟәа аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз аимак азы ақәҵара рыдрымкылеит. Аилатәара иалахәын 21-ы адепутат, ҩыџьа ақәҵаразы рыбжьы арымҭеит, ҩыџьа рҽааныркылеит, 17 -ҩык ақәҵара иадгылеит. Ашәҟәы адкыларазы иаҭахын 18 бжьы.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0