https://sputnik-abkhazia.info/20211001/Dbar-Aa-ialaz-akhysra-akhaa-aieit-1033329246.html
Дбар Аҟәа иҟалаз ахысра ахҳәаа аиҭеит
Дбар Аҟәа иҟалаз ахысра ахҳәаа аиҭеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵаз адыррала, цәыббра 30 рзы Аԥсны Апарламент адепутат Гарри Кокаиа Аҟәа ақьафурҭа "Rinna" аҿаԥхьа... 01.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-01T23:50+0300
2021-10-01T23:50+0300
2021-10-02T16:42+0300
ажәабжьқәа
аԥсны
цәыббра 30 ауха аҟәа иҟалаз ахысра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103004/60/1030046070_0:0:1620:917_1920x0_80_0_0_bf7bc35238496b37a84640578448b9bf.jpg
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз ахҳәаа аиҭеит Апарламент адепутати, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, ААР аусзуҩцәеи злахәыз цәыббра 30 рзы Аҟәа аҭыԥ змаз ахҭыс.Аминистр иажәақәа рыла, цәыббра 30 ахәылбыҽха адырра ҟалеит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы ахысбыжьқәа гоит ҳәа. Дмитри Дбар иаразнак аҭыԥ ахь днеит, избанзар убри аамҭазы аԥшаҳәаҿы иҟоу ақьафурҭақәа руак аҿы Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови иделегациеи, иара убас Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи тәан. Дбар аҭыԥ аҿы даннеи, хә-минуҭк раҟара рышьҭахь еиҭах ахысбыжьқәа геит. "Аҭыԥ аҿы саннеи, игылаз ауаа сразҵааит, дарбан ихысуаз ҳәа, Кокаиа аҭакс ихаҭа шиакәыз иҳәеит. Адепутат ижәны дшыҟаз анызба, уаҵәы ҭынч иҟалаз еилҳаргап, уабџьар ҳаҭ ҳәа сиҳәеит, аха иара мап икит. Изныкымкәа ишиаҳҳәазгьы иуамызт. Ианимуӡа, ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа рхала имырхырц иалагеит, аха иара урҭ рганахьала ажәа бааԥсыла дцәажәо, иҽирххо далагеит", – иҳәеит аминистр. Дмитри Дбар хьаас ишимоу иҳәеит ари ахҭыс Аӡҩыбжьа иалҵыз аибашьра аветеранцәа иахьрыдҳәалахаз, урҭ даара пату шрықәиҵо азгәеиҭеит. Аха, иагьа ус иҟазаргьы, азинхьчаратә усбарҭақәа адепутат Гарри Кокаиа изакәаным ихымҩаԥгашьа аԥдырҟәҟәаар акәын.Дбар иҳәеит ашьаусҭҵааранӡатәи агәаҭарақәа ишырҿу. Иара убас Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит ари ахҭыс аан ааха зауз амедицинатә цхыраара зҭаху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа иахәҭоу афинанстә дгылара ҟарҵарц ишазхиоу."Излаадыруа ала, уи зуз змаҵуратә транспорт ала инеиз Апарламент адепутатцәа руаӡәк иоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Дбар. Дмитри Дбар Аԥсны жәлар рахь ихы нарханы иҳәеит:"Сара ари амаҵура сахагылазар, еилых ҟасымҵароуп: ддепутатума, дминиструма, дветеранума, азакәан иаҿагылоу ак иуазар, дахьсырхәыроуп, дааныскылароуп. Ауаа еилызхуа аминистр дышәҭахума, ддепутатзар, даанысымкыло, дынхаҩызар - дааныскыло?! Сара ус иҟалар иашам ҳәа исыԥхьаӡоит. Адепутатцәа ирыҩуа азакәанқәа ирықәныҟәоит азинхьчаратә усбарҭақәа. Дара урҿыԥшратәы иҟазароуп. Азакәан зегьы ирзеиԥшзароуп", - иҳәеит Дмитри Дбар.
https://sputnik-abkhazia.info/20211001/Asny-Zhlar-Reizara-adeputattsa-Aa-ashaay-ay-zmaz-aimak-azy-aara-rydrymkyleit-1033328497.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103004/60/1030046070_0:0:1620:1019_1920x0_80_0_0_1535c42e67fa36ed321cdd6bcd7cd417.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, цәыббра 30 ауха аҟәа иҟалаз ахысра
ажәабжьқәа, аԥсны, цәыббра 30 ауха аҟәа иҟалаз ахысра
Дбар Аҟәа иҟалаз ахысра ахҳәаа аиҭеит
23:50 01.10.2021 (ирҿыцуп: 16:42 02.10.2021) Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵаз адыррала, цәыббра 30 рзы Аԥсны Апарламент адепутат Гарри Кокаиа Аҟәа ақьафурҭа "Rinna" аҿаԥхьа аҳауахь инеиқәырццакны дхысит. Уи ашьҭахь адепутатцәеи амилициааи аимак рыбжьалеит.
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Аԥсуа телехәаԥшра
аинтервиу анеиҭоз ахҳәаа аиҭеит Апарламент адепутати, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, ААР аусзуҩцәеи злахәыз цәыббра 30 рзы Аҟәа аҭыԥ змаз ахҭыс.
Аминистр иажәақәа рыла, цәыббра 30 ахәылбыҽха адырра ҟалеит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы ахысбыжьқәа гоит ҳәа.
Дмитри Дбар иаразнак аҭыԥ ахь днеит, избанзар убри аамҭазы аԥшаҳәаҿы иҟоу ақьафурҭақәа руак аҿы Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови иделегациеи, иара убас Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи тәан.
Дбар аҭыԥ аҿы даннеи, хә-минуҭк раҟара рышьҭахь еиҭах ахысбыжьқәа геит.
"Аҭыԥ аҿы саннеи, игылаз ауаа сразҵааит, дарбан ихысуаз ҳәа, Кокаиа аҭакс ихаҭа шиакәыз иҳәеит. Адепутат ижәны дшыҟаз анызба, уаҵәы ҭынч иҟалаз еилҳаргап, уабџьар ҳаҭ ҳәа сиҳәеит, аха иара мап икит. Изныкымкәа ишиаҳҳәазгьы иуамызт. Ианимуӡа, ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа рхала имырхырц иалагеит, аха иара урҭ рганахьала ажәа бааԥсыла дцәажәо, иҽирххо далагеит", – иҳәеит аминистр.
Дмитри Дбар хьаас ишимоу иҳәеит ари ахҭыс Аӡҩыбжьа иалҵыз аибашьра аветеранцәа иахьрыдҳәалахаз, урҭ даара пату шрықәиҵо азгәеиҭеит. Аха, иагьа ус иҟазаргьы, азинхьчаратә усбарҭақәа адепутат Гарри Кокаиа изакәаным ихымҩаԥгашьа аԥдырҟәҟәаар акәын.
Дбар иҳәеит ашьаусҭҵааранӡатәи агәаҭарақәа ишырҿу. Иара убас Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит ари ахҭыс аан ааха зауз амедицинатә цхыраара зҭаху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа иахәҭоу афинанстә дгылара ҟарҵарц ишазхиоу.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иара убас иазгәеиҭеит уи ауха ԥыҭрак ашьҭахь идырым аӡәы ҵхыбжьон асааҭ ҩба-хԥа шыҟаз еиԥш ААР ахыбра азааигәара уи аганахьала изныкымкәа дышхысыз.
"Излаадыруа ала, уи зуз змаҵуратә транспорт ала инеиз Апарламент адепутатцәа руаӡәк иоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Дбар.
Дмитри Дбар Аԥсны жәлар рахь ихы нарханы иҳәеит:
"Сара ари амаҵура сахагылазар, еилых ҟасымҵароуп: ддепутатума, дминиструма, дветеранума, азакәан иаҿагылоу ак иуазар, дахьсырхәыроуп, дааныскылароуп. Ауаа еилызхуа аминистр дышәҭахума, ддепутатзар, даанысымкыло, дынхаҩызар - дааныскыло?! Сара ус иҟалар иашам ҳәа исыԥхьаӡоит. Адепутатцәа ирыҩуа азакәанқәа ирықәныҟәоит азинхьчаратә усбарҭақәа. Дара урҿыԥшратәы иҟазароуп. Азакәан зегьы ирзеиԥшзароуп", - иҳәеит Дмитри Дбар.