Аӡҩыбжьатәи аветеранцәа гәыԥҩыки Аԥсны ахадеи еиԥылеит

© Foto / Официальный сайт Президента РА Делегация ветеранов из Адзюбжи встретилась с Бжания
Делегация ветеранов из Адзюбжи встретилась с Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә ныҟәара аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала.
АҞӘА, жьҭаара 4- Sputnik. Аԥсны ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа рҟынтә зынӡа ихы дақәиҭитәуеит Апрокуратура хада аусҭҵаара ашьҭахь. Абри атәы иара иҳәеит Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәеи иареи реиԥылара аан. Абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит ақыҭа абыргцәа рхада Нугзар Кациа.
Аӡҩыбжьатәи аветеранцәа гәыԥҩыки Аԥсны ахадеи реиԥылара мҩаԥысит жьҭаара 4 азы. Кациа иҳәеит аделегациа ахаҭарнакцәа Дмитри Дбар аминистр имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭтәуп ҳәа ишықәгылаз.
Ахада аҳәара ҟаиҵеит аусҭҵаара аамҭа арҭарц. Кациа иажәақәа рыла, атәыла ахада иҳәеит аусҭҵаара аамҭа рацәаны ишамго, апрокуратура аӡәгьы анырра шеимҭо, апрокурор аӡбра идикыло азы ахада адырра анииҭалак ашьҭахь шакәу ари азҵаара аныӡбхо.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак аҭыԥ аман цәыббра 30 ауха.
Заседание парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Аԥсны Жәлар Реизара аҿы имҩаԥысуаз аусутә еилацәажәара хыркәшоуп
Абри аганахь ала Апрокуратура хада аусҭҵаара иаҿуп.
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбрахь днеины закәаншьаҭада имаз автомат "Калашников" ала ахысра далагеит, анаҩ саҭыԥ аҟынтәи дыбналеит.
Аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы  ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәа  аамҭала рмаҵурақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә ныҟәара аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала. Иара иарку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0