Аԥсны иҟоу аерманцәа руаԥшь Ашьха Ҟарабах ацхыраара арҭоит

© Sputnik / Арам Нерсесян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Степанакерте
Ситуация в Степанакерте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ермантәылеи Азербаиџьани Ашьха Ҟарабах еимакны реиҿагылара аҽеибанарххеит цәыббра 27 рзы.

АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу аерманцәа руаԥшь Ашьха Ҟарабах афинанстә цхыраара арҭоит ҳәа Sputnik акорреспондент илеиҳәеит ауаԥшь анапхгаҩы Галуст Трапизониан.

Далила Пилия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ԥлиаԥҳа Ашьхатә Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьазы: иахьеи-уаҵәи иаангыло ак акәым

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп ареспублика араионқәа руаԥшьқәа рхаҭарнакцәа реиқәшәара.

"Арцах (Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика - аред.) хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҭахны иҟаӡам, дара еизхоит. Аматериалтә цхыраара, ҳәарада, ирҭахуп. Ҳашьцәа аматериалтә цхыраара рыҭара ҳара зегьы иаҳуалԥшьоу акоуп", - иҳәеит иара.

Ашьха Ҟарабах еиҭахгьы бџьаршьҭыхрала еиҿагылеит ииасыз амчыбжь азы. Бақәеи Еревани дара-дара ахара рыдибаҵоит. Аибашьратә ҭагылазаашьеи амобилизациеи рыларҳәеит Ермантәыла. Бақәа акәзар, амобилизациа ахәҭакахьала ирылаҳәоуп, акоменданттә сааҭ аус ауеит.

Аганқәа рыҩбагьы рдыррақәа рыла, аԥсыҭбарақәа ыҟоуп аруаа рганахь аиԥш аҭынчуааԥсыра рганахь алагьы, аха макьаназы заҟаҩ ыҟаҵәҟьоу шьақәыргылам. Ермантәылеи Азербаиџьани дасу ринформациақәа хаз-хазуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0