"Ҳара ҳадгьылгьы баҟоуп": Лӡаатәи ауахәама аҭҵаара аҭоурых

© Фото : Руслан БарцыцIV-V ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Лӡаатәи ауахәама
IV-V ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Лӡаатәи ауахәама - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи жәларбжьаратәи рымш азы Лӡаа ақыҭан, амшын аԥшаҳәаҿы игылоу IV-V ашәышықәсақәа ирыҵаркуа ауахәама аҭоурыхи ԥхьаҟатәи аҭҵаамҭақәеи дырзааҭгылеит аҭоурыхҭҵааҩ, археолог Руслан Барцыц. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Саида Жьиԥҳа иазлырхиаз аматериал.

Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо, аҭоурых зкьымсыз дгьыл ҽыҭк ыҟамзар ҟалап. Егьараан иара иахьатәи ҳамш азгьы ауаа руҭрақәа рҿы ажыга ныҵарҵар аҭоурых ахы ыҵнахуеит. Гагра араион аҟны мацара асиа иарбоу абаҟақәа ҩышә иреиҳауп, иҟоуп игәыгәҭажьу, иҭҵаам, макьаназы идырым. Убас инагӡаны зҭоурых шьақәыргылам, археологиатә ԥшаарақәа иахьрыцҵатәу ҭоурыхтә ҭынхоуп Лӡаа ақыҭан, амшын аԥшаҳәаҿы машәыршақә ауаа рылаԥш иҵашәаз IV-V-тәи ашәышықәсқәа ирыҵаркуа ауахәама. Иахьанӡа ари аҭыԥ аҟнытә идыру, насгьы ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа ртәы дазааҭгылеит аҭоурыхҭҵааҩ, археолог, аетнолог, акультуролог Руслан Барцыц.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Лӡаа ақыҭан 1989 шықәсазы қьырала амшын аԥшаҳәаҿы џьоукы адгьыл ганы анаҩстәи аргыларақәа рымҩаԥгаразы атехника ҷыдала арыцқьара иалаган, хыԥхьаӡара рацәала аԥсыжырҭақәа ирықәшәеит. Ари ахҭыс атәы заҳаз аҭоурыхҭҵааҩцәа аҭҵаарақәа ианрылага, еилкаахеит IV-V-тәи ашәышықәсқәа ирыҵаркуаз ауахәама шакәыз. Усҟан иқәыԥшыз археолог Руслан Барцыц хаҭала дрылахәын аԥшаарақәа. 30 инареиҳаны заатәи ақьырсианра иатәуи, иҵегь иҵаулоуи аԥсыжырҭақәа иԥыхьашәеит.

Руслан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Арадио
Барцыц: аҭоурыхтә ҭынха ыҟазар ахьалшо адгьылқәа игәамҭакәа рхы иадырхәоит

"Ауахәама аҭӡы адгьыл аҟнытә метраки бжаки роуп иахьыҟоу, егьи адгьыл иҵоуп. Ажра саналага, ҩ-метракынӡа саннеи аԥслымӡ сԥыхьашәеит, ашьаҭа иҵегь аҵауларахь ишцаз збеит. Срықәшәеит аҳәсеи ахацәеи рҳаҭгәынгәа. Урҭ заатәи ақьырсанреи, аԥсуа иныҟәигоз адини иртәын. Излеиҩаҳдраазгьы уи ауп, ақьырсианра иатәу џьарла иҩычоуп, ахархәара амоуп акыцтә материалқәа, егьырахь аԥсцәа ирыцын аҩычагатә маҭәарқәа рацәаӡаны. Ахьи, араӡни, анышәаԥшьи ирылхыз арԥшӡагақәа. Ахацәа аҳәызба хәыҷқәа, аҳәса - амацәазқәа, анапхаҵақәа, ахәдахаҵақәа, агәыр, аимхәыц уҳәа. Археолог иаҳасабала иазгәасҭарц сҭахуп, арҭ амалқәа ишреиҳау аҩыра зну ԥшаарак ануԥыхьашәо. Уи аҭоурых азы хәы змаӡам, ицәажәо материалхоит", - еиҭеиҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ.

Руслан Барцыц иҳәеит ари ауахәама аӡбахә уи аԥхьаҟагьы ишиаҳахьаз. Академик Башкиров Лӡаатәи ауахәама дуи, ахәыҷи ҳәа 1925 шықәсазы Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаарахь иишьҭыз иҭоурыхтә нҵамҭақәа рҿы далацәажәахьан.

Ус анакәха, макьаназы идыру уахәамак аҭӡы ауп. Аду акәу, ахәыҷы акәу аилкаара археологцәа раԥхьаҟа ишьҭоуп.

Аҭоурыхҭҵааҩ иаҳзеиҭеиҳәеит ажәытә традициақәа рыла, раԥхьатәи ауахәама хәыҷқәа дыргыло ишалагаз аԥсуа имилаҭтә дин иатәыз аныхақәа рывара, мамзаргьы рааигәара.

Еџье Ҭраԥшьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Еџье Ҭраԥшьԥҳа: раԥхьатәи аԥшаах збеит сабдуцәа ахьҭыҵыз Анхәа ақыҭаҿы

"Ажәытәтәи ауахәамақәа амшын аҿықәан рыргылара еиҳа иманшәалан. Уажәы Лӡаатәи ҳалацәажәозар, аргылаҩцәа ахархәара арҭеит арҭ аҭыԥқәа рҟны иуԥыло аԥслымӡхаҳәи, ахаҳә цәи, аԥслымӡи, акьыри еиларҭәаны.

Асовет Еидгыла аамҭақәа раан, Аԥснытәи археологцәа Москвантәи иаауаз хышәҩык рҟынӡа астудентцәа алархәны аԥшаарақәа мҩаԥыргон. Ирыман ашьхаҭыԥқәа рахь излаԥрыша авертолиотқәагьы, амыругақәа ртәы мҳәакәа. Руслан Барцыц инапхгарала мацара атәыла акәакьқәа рҿы зқьыла археологиатә ԥшаарақәа еиҿкаан.

Аӡәгьы изы имаӡаӡам егьырҭ анаукатә хырхарҭақәа реиԥш, аԥсуа археологиагьы ишахәҭоу аус ауртә алшарақәа шыҟам, изыхҟьогьы афинанстә цхыраара ахькәадоу ауп. Уи адагьы, ауааԥсыра рҟнытә аилкаара ыҟам. Иахьа аиҳарак акурорттә қалақьқәа рҿы аргыларақәа цоит. Азин рызҭо акомиссиа археологцәа алаӡам. Убри аҟнытә иахьа уамашәа ибатәым зқьышықәсатәи аԥсыжырҭақәа ргәаҟны обиектк гылазаргьы. Арахь аԥҟарақәа рыла, аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа, иара баша ахыжәжәарақәа мацара нханы иҟазаргьы хәышә метранӡа акәша-мыкәша ауаа акагьы дыргылар ҟалом.

Руслан Барцыц Лӡаатәи ауахәамаҟны аԥшаарақәа ирыцимҵеижьҭеи хәышықәса ҵуеит. Аха агәыӷра имоуп, ари аҭоурыхтә ҭыԥ аҭҵааразы ацхыраареи авагылареи иоуп ҳәа. Ас еиԥш иҟоу абаҟақәа, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш аԥсабара ицәырнамгац рацәаӡоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0